АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Ԥхынгәы.2023

Краснодартәи аҳазылхыҩцәа шамахамзар џьара иуԥымло ахьшьқәа изакәанымкәа Аԥсныҟа раагара аԥхьырҟәҟәаара рылшеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Краснодартәи аҳазылхыҩцәа амашьыналас агьежь аԥсахга аҭра иҭартәаны шамахамзар џьара иуԥымло ахьшьқәа изакәанымкәа Аԥсныҟа раагара аҽазышәара аԥхьырҟәҟәаара рылшеит.   

Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазылхратә Маҵзура Аладатәи аҳазылхратә усбарҭа апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аҳазылхыҩцәа аужьҭра-гәаҭаратә ԥыԥшырҭа Адлер ала иаауаз амашьына агәаҭараан рылаԥш аахеит аштә ба илаҳәаны иҭаз абнатә ԥстәқәа.  

Амашьына арныҟәцаҩ аинспекторцәа дрыҿцәажәо арҭ абнатә ԥстәқәа ихазы ишааигоз, адекларациа зхаимырҭәаазгьы дахьыццакуаз азы ауп ҳәа иазгәеиҭеит. Ахьшьқәа рыиагаразы азин узҭо ақьаад ахаҵа имаӡамызт.

Аекспертиза ишышьақәнаргылаз ала, арҭ аԥсаатәқәа шықәсык зхыҵуа акәытрыхьшьԥшқақәа роуп. Урҭ рыҭира  ақәӡаара ашәарҭара иҭагылоу абнатә ԥстәқәеи аԥсаатәқәеи аҵиаақәеи рыла жәларбжьаратәи ахәҳаахәҭра азы Аконвенциа (СИТЕС) ала иҳәаақәҵахоит.

Аӡбарҭа аԥстәқәа рыиагара зҽазызшәаз атәылауаҩ Урыстәылатәи Афедерациа Административтә зинеилагарақәа Рзакәанеидкыла  ахәҭаҷ  16.2 (атауарқәа рдекларациа аҟамҵара), ахәҭаҷ  16.3 (ақәиҭымзаарақәеи аԥкрақәеи рынамыгӡара) инарықәыршәаны ахара идуп ҳәа аӡбамҭа аднакылеит. Уи ахьырхәра аҳасабала изалхуп 45 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо ахараԥса ашәара.

Аԥсаатәқәа рконфискациа мҩаԥгоуп, урҭ аамҭала Шәачатәи асанаториақәа руак аҿы иҟазаауеит. Уажәы ахьшьқәа атәылаҿацә азоопарк ахь аиагара азҵаара рыӡбоит.

Акәытрыхьшь ақәӡаара ашәарҭара иҭагылоу абнатә ԥстәқәеи аԥсаатәқәеи аҵиаақәеи рыла жәларбжьаратәи ахәҳаахәҭра азы Аконвенциа (СИТЕС)  II Ацҵа иалагалоуп. Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә ҳәаа ахысраан иарбоу Аконвенциа иалагалоу аобиектқәа ашәҟәҭагалара (адекларациа) иахысроуп, иара убас аҳазылхратә усбарҭа ахь урҭ аҳәаа ахгаразы азин узҭо ақьаад адгалара хымԥадатәиуп.  

 

 


Read 216 times - Ахаша, 26 Ԥхынгәы 2023 19:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.