АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Ԥхынгәы.2023

Аминистрцәа Реилазаара аҿы ареспубликатә биуџьет ахарџь ала иҩаԥысуа аргыларатә усурақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара ишьақәнарӷәӷәаз асиа ала еиуеиԥшым азкызаара змоу аобиектқәа рҿы 2023 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу аргылара-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа иалацәажәеит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрбеи Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥсныргылара» анапхгаҩы Руслан Тәанбеи русуратә еиԥылара аҿы.  

Иарбоу аобиектқәа рыргылара, реиҭашьақәыргылара, аеспубликатә биуџьет ахатәы ԥаратә хархәагақәа рыла имҩаԥысуеит. Урҭ реицҵалыҵ  270 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭеи Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥсныргылареи» аҟынтәи иҳауз адыррақәа рыла, аамҭа кьаҿ иалагӡаны аргылаҩцәа ареспублика арегионқәа зегьы рҿы аусурақәа рымҩаԥгара иалагоит.

Аҟәа ақалақь абжьаратәи ашкол №7 аҿы аспорттә зал шьаҭанкыла аиҭаҳьақәыргылара, Март  4, Лашәриа амҩадуқәеи Чехова Кәыҵниа амҩадуқәеи  рҿы, иара убас Кәыдрытәи амҩадууи рҿы акаҭран ҿыц ашьҭаҵара иазԥхьагәаҭоуп. Иарбоу аусурақәа рфинанстәра азеиԥш шәагаа –   22 млн. 300 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

Гагра араион (ақ. Пицунда) ахәыҷбаҳча «Алашара» аҿы, иара убас Ахьӡ-Аԥша апарк иахьаҵанакуа ахәыҷтәы плошьадкақәа рыргылара иалагоит. Уи иақәхарџьхо аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 2 млн. 400 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит; Бзыԥҭа аҳаблаҿы иҟоу афымцаеихшарҭатә цәаҳәақәа реиҭашьақәыргылара (5 млн. мааҭ.); Чагрыԥшь ақыҭан аӡымҩангага шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара (1 млн 274 тыс. руб.); Гагра ақалақь аҿы Лакоба имҩеи Аҟәатәи ашоссе рзы ҿыц акаҭран ақәҵара (8 млн. мааҭ).

Гал ақалақь аҿы абжьаратәи ашолқәа №№ 1 ,2  рҿы аиҭашьақыргыларатә усурақәа мҩаԥгахоит. Урҭ ирықәхарџьхо аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 8 млн. 664 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан атранформатортә станциеиҵақәа №201, 214 рҿы амыфцаеибыҭаратә усурақәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп. Урҭ ирықәхарџьхо аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 6 млн. 124 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит; Ақыҭақәа Аацы, Ҟәланырхәа, Оҭҳара, Хәаԥ рҿы астадион маҷқәа ргылахоит. Урҭ ирықәхарџьхо аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 21 млн. 995 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит; Гәдоуҭатәи абжьаратәи ашкол №5 аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥгахоит. Урҭ ирықәхарџьхо аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 1 млн. 800  нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Гулрыԥшь араион ала аиҭашьақәыргылара-ргыларатә усурақәа ахьымҩаԥгахо аобиектқәа рсиа иалагалахеит: Ԥшьаԥ ақыҭан Набережнаиа амҩа шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара. Уи иақәхарџьхо аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 4 млн. 250 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит; Ареспубликатә аҷыдалкаатә психиатриатә хәышәтәырҭа аҿы хазы игоу ауадақәа рҿы шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара. Уи иақәхарџьхо аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 3 млн. 740 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит; Ареспубликатә аимҳәадуҿагыларатә диспансер араион аҿы аӡрыжәтә азы арезервуар аргылара иақәхарџьхоит 7 млн. мааҭ; Ҵхыбын ақыҭан аӡхагаларатә аҵхырҭақәа хԥа ркылҵәара. Уи иақәхарџьхо аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 1 млн. 500 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит; афымцатрансформатор аҿыц ала аԥсахра иартәоит 1 млн. мааҭ.  Иара убас Ԥшьаԥ ақыҭан цанбекәартәи ашкол аанда акәыршара иартәоит 2 млн. 200 нызықь мааҭ; Дранда ақыҭан ахәыҷбаҳча «Ҟәараса» аҿы ахәыҷтәы хәмарырҭа аргылареи Уарча ақыҭан астадион-маҷ аргылареи иартәоит  6 млн. 200 нызықь мааҭ.  

Очамчыра араион Џьгьиарда ақыҭан ихырәшахароуп Афельдшер-акушертә Пункт аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа. Урҭ ирықәхарџьхо аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 2 млн 500 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит; Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан аӡымҩангагақәа шьаҭанкыла реиҭашьқәыргылара 13 млн. мааҭ инереиҳаны иартәоит; Очамчыра араион Баслахә, Ԥақәашь, Ҭхьына ақыҭақәа рҿы астадион маҷқәа рыргылара 16 млн. 672 нызықь мааҭ иартәоит; Очамчыра араион Балахә, Џьал, Мықә, Гәыԥ, Кәтол, Кындыӷ ақыҭақәа рҿы абжьаратә школқәа рҿы аиҭашьақәыргыларатәии шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларатәи аусурақәеи мҩаԥгахоит. Урҭ ирықәхарџьхо аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ  – 23 млн. 112 нызықь мааҭ иреиҳауп.  

Аҟәа араион Ачадара ақыҭан  иазԥхьагәаҭоуп атрансформатортә станциеиҵақәа  №№ 33, 53 рҿы афымцамонажтә усурақәа рымҩаԥгара.  Урҭ ирықәхарџьхо аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 5 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит; Аҟәа араион Ешыра ақыҭан шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларатә усурақәа  2 млн. мааҭ иартәоит; Аҟәа араион Ешыра ақыҭан астадион маҷ аргылара 5 млн. мааҭ иартәоит.  

Ҭҟәарчал араион аҿы имҩаԥгахо аргылара-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзеиԥш харџьхәыԥса 22 млн. 793 нызықь мааҭ иреиҳауп. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьымҩаԥгахо аобиектқәа рсиа иалагалоуп: Ҭҟәарчал ақалақь Аршба имҩаҿы аҵаргәатә ҭӡы аргылара.  Уи иақәхарџьхо аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 1 млн. 500 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит; ашкол №4 аспорттә зал  аиҭашьақәыргылара иартәоит 2 млн 500 нызықь мааҭ; Д.Гәлиа ихьӡ зху акультура Ахан ахыбра аиҭашьақәыргылара иартәоит 3 млн. мааҭ инарзынаԥшуа; ақалақь аҿы ахәыҷтәы хәмарратә плошьадкақәа ҩба рыргылара  иартәоит 2 млн. 600 нызықь мааҭ. Иара убас Аҟармара аҳаблаҿы ахәыҷтәы плошьадкак аргылара иартәоит 1 млн 200 нызықь мааҭ;  Агәыбедиа ақыҭан иҟоу ацҳа шьаҭанкыла аиҭашьақыргылара  иартәоит 8 млн. мааҭ инарзынаԥшуа; Агәыбедиатәи абжьаратәи ашкол №1 аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара иақәхарџьхоит 4 млн. мааҭ.  

Атәыла аԥыза-министр аилатара иалахәыз рахь ихы рханы, зегьы раԥхьаӡа иргыланы, аҵарашықәс алагаанӡа азеиԥшҵараиурҭақәа рҿы иазԥхьагәаҭоу аусурақәа зегьы хыркәшахароуп ҳәа иазгәеиҭеит. Ихадоу зҵаараны иара убас иҟоуп ашколнӡатәи аусбарҭақәагьы, ҳәа иҳәеит иара. Егьырҭ аобиектқәа рҿы аусурақәа, Алеқсандр Анқәаб ишиҳәаз ала, ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ихыркәшахароуп.

 

 


Read 319 times - Ахәаша, 21 Ԥхынгәы 2023 14:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.