АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Ԥхынгәы.2023

Ԥхынгәымза 23 рзы Аҟәа ақалақь аҿы жәлар рнаплакыреи рнапҟазареи рфестиваль мҩаԥысраны иҟоуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза   23 – Аԥсны Аҳәынҭқарратә Бираҟ Амш аҽны имҩаԥысрны иҟоуп IV Ареспубликатә жәлар рнаплакыреи рнапҟазареи афестиваль.

Ацәыргақәҵатә хәаахәҭра мҩаԥыслоит асааҭ 11:00 инаркны  асааҭ 19:00 рҟынӡа абри аҭыӡҭыԥ ала: ақ. Аҟәа.Пушкин имҩа, аҩ.№7, И.Е.Кортуа ихьӡ зху Аԥсны жәлар рҟазара Ареспубликатә Центр  аҿы.

Афестиваль аԥҵаҩи аиҿкааҩи –  И. Е. Кортуа ихьӡ зху Аԥсны жәлар рҟазара Ареспубликатә Центр ауп.

IV Ареспубликатә жәлар рнаплакыреи рнапҟазареи афестиваль ишьақәгылахьоу жәлар рнаплакыреи рнапҟазареи атрадициақәа реиҭарҿиара, аусумҭақәа рӡыргареи рыҭиреи рзы иманшәалоу аплошьадкақәа реиҿкаарала ҳаамҭа иақәшәо,  иҿыцу адекоратив-хархәаратә ҟазара ахкқәа аҿиара аҭара.

Афестиваль ахықәкы хадақәа иреиуоуп аҟыбаҩ злоу Аԥсны атәылауаа раарԥшреи адгылара рыҭареи.

Афестиваль рхы аладырхәуеит адекоратив-хархәаратә ҟазара еиуеиԥшым абарҭ ахкқәа рыбзиабаҩцәа: аҳаԥшьарӡра/акыцӡры, аԥсабаратә материал ала аԥара, ақәҵара, аҵла ақәҭыхра, аимхәыцссала аԥара, амҿы аҭаҟҟара, ажьира, уҳәа убас иҵегьы.


Read 643 times - Ахәаша, 21 Ԥхынгәы 2023 15:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.