Аҟәа. Ԥхынгәымза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Зыкапан дуу анаркотикатә маҭәашьар изакәанымкәа аахәара, аҵәахра, аиагара, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра ахь алагалара азы дыгәҩароуп 1982 шықәсазы ииз, Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭан инхо Чамагәуа Русҭам Станислав-иԥа.
Иаанкылаз ахаҵа игәаҭараан идырбалеит ишкәакәоу аххыраԥшра змоу амаҭәашьар, уи анаҩс аекспертцәа иангәарҭа ашьҭахь «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар шьакәыз шьақәыргылан. Русҭам Чамагәуа иара изакәанымкәа Урыстәыла иааихәеит, анаҩс Агәаҭара-аужьҭратә Ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» ала аҳәаа иахганы Аԥсныҟа иааигеит.
Русҭам Чамагәуа иаанкыларазы аоперативтә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргеит Гагра араион амилициа ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 2241 ахәҭа 2, ахәҭаҷ 223 ахәәҭа 2 инарықәыршәаны иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа рҟазшьақәа рыла Русҭам Чамагәуа иганахьала ихацыркыз ашьаусеилыргара мҩаԥнагоит Аԥсны атранспорттә прокуратура.