Иара убас, изакәанымкәа еизгаз аԥаратә хархәагақәа зегьы ахәыҷқәа рҭаацәа ирзырхынҳәызароуп. Мап анакәха, аԥарақәа реизгара аԥшьгаҩцәа зегьы еилкааны иҟоу азакәан инақәыршәаны аҭакԥхықәра рыдҵахоит.
Аҵара Аминистрра иара убас зегьы иргәаланаршәоит, лаҵараза 21, 2018 шықәсазы иҭыжьыз адҵа №105 инақәыршәаны, аҳамҭақәа рыҟаҵареи абанкет дуқәа реиҿкаареи рзы аԥарақәа реизгаразы азин шыҟам.