АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Ԥхынгәы.2023

Атәылахьчара Аминистрра аҟны икылкааны ихысуа разыҟаҵаратә аизгарақәа хыркәшахеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынгәымза 3 – 13 рзы атәылахьчара Аминистрра ахысырҭақәа рҿы аштаттә хысыҩцәа алархәны имҩаԥгаз аҽазыҟаҵарақәа хыркәшахеит. Иарбоу аусмҩаԥгатә аҿы ихадоу ахшыҩзышьҭра аиуит аибашьратә дәы аҿы лассы-лассы зҽеиҭазкуа аҭагылазаашьақәа раан икылкааны ахысыҩцәа  русура иҿыцу аформақәеи аҟаҵашьақәеи рԥышәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны атәылахьчара Аминистрра.  

Ахысыҩцәа иҷыдоу атехникеи абџьари ртактика-техникатә ҟазшьарбақәеи еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы ахысра аԥҟарақәеи ҭырҵаауан.

Аҽазыҟаҵарақәа раан аруаа рыҽцәырымгакәа аиҭаҵреи иумбартә аҽыҟаҵареи (амаскировка) аԥшыхәреи, иуадаҩу атактикатә ҭагылазаашьаҿы аҭыԥ аҿы уахьцо-уахьаауа аҽақәшәареи ацәҟьа ақәшәареи, уҳәа  рзы еиуеиԥшым  аҟаҵашьақәа ԥыршәеит.


Read 382 times - Амҽыша, 16 Ԥхынгәы 2023 13:45
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.