АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Ԥхынгәы.2023

Апианинорҳәаҩы Сергеи Жилин «афилармониа ахәаԥшцәа рыршанхара» хықәкыс имоуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Аԥсны Sputnik  амультимедиатә пресс-центр аҿы, ахәаша, ԥхынгәымза 14 рзы имҩаԥган  ԥхынгәымза 14 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥысраны иҟоу аконцерт иазкны апианинорҳәаҩы-авертуоз, акомпозитор, аранжировкаҟаҵаҩ, абенд-лидер Сергеи Жилин ипресс-конференциа.  

Амузыкант ишеиҭеиҳәаз ала, агәыԥ «Земля, ветер и огонь»» аҳаҭыр иазкны имҩаԥгахо аконцерт апрограмма аҿы ритм-енд-блиуз, соул, фанк, џьаз, диско, рок астильқәа рыла арҿиамҭақәа ахәаԥшцәа ирыдгалахоит.

«Ҳара иахьатәи амш азы ҳхықәкы хаданы иҟоуп «афилармониа ахәаԥшцәа рыршанхара», ҳәа алаф иҳәеит апианинорҳәаҩы.

Апресс-конференциа аҿы иара убас рхы аладырхәит аконцерт аспонсорцәеи аиҿкааҩцәеи: апроект «АҟәаJazz» акуратор Лаура Тарнааи афирма «Eva Luk» анапхгаҩы Баҭал Ҳалуашьи.

Лаура Тарнаа ишазгәалҭаз ала, аконцерт алагара маҷк шыбжьоу, асааҭ 19.00 рзы, аџьаз абзиабаҩцәа рзы афилармониа аҿаԥхьа иҟоу апарк аҿы еиҿкаахоит афуршет, иара убас  иқәгылоит агәыԥ «Акапелла – Экспресс», уи асолистцәа  еиуеиԥшым амузакатә инструментқәа рыбжьы аимитациа аҟаҵара рылшоит. Иара убас иқәгылараны иҟоуп аколлектив «New dixie jazz band».

Иара убас лара иҟалҵаз адыррақәа рыла, Аԥсны имҩаԥгахоит есышықәсатәи аџьаз аффестиваль.

Баҭал Ҳалуашь, абар шьҭа 50 шықәса ҵуеит амузыканти иареи аиҩызара бзиа рыбжьоижьҭеи, урҭ Москватәи аконсерваториа аҟны иҟоу амузыкатә школ Хада аҿы аҵара еицырҵон.  

«Сергеи Жилин Аԥсны аҩызцәа рацәаны имоуп, уи есымша гәахәарыла ареспубликаҟа даауеит. Сара саныхәыҷыз аахыижьҭеи исгәалашәоит Аԥсны ауааԥсыра, амузыкатәгьы уахь иналаҵаны,  агьама бзиа шрымоу.  Сара ахәаԥшцәа ари аконцерт агәхәара ду шырнаҭо ала  агәра ганы сыҟоуп», - ҳәа иҳәеит иара.

Аконцерт аиҿкаара рхахьы иргеит: Иарку Акционартә Еилазаара  «Аҟәафон-GSM», афирма «Eva Luk», Аԥсны аӡахәааӡаҩцәеи аҩыҭаҭәаҩцәеи Рассоциациа.


Read 347 times - Асабша, 15 Ԥхынгәы 2023 19:02
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.