АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Ԥхынгәы.2023

Гәылрыԥшь араион аҿы 2023 шықәсазы амхыцәаӷәақәа рымҽхак - 800 гектар рҟынӡа инаӡеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Гәылрыԥшь араион Ахадараҿы имҩаԥысыз анҭыҵтәи аилатәара аҿы ақыҭанхамҩеи  афатә-ажәтәи рзы араион Ахадара Аусбарҭа аиҳабы Рафик Григориан Аҳәынҭқарра Ахада иҿаԥхьа  2023 шықәса актәи азбжа азы имҩаԥгаз аусура азы аҳасабырба ҟаиҵеит.

Аусбарҭа ахада агәра ганы дыҟоуп Гәылрыԥшь араион ақыҭанхамҩатә потенциа ду шамоу.

«Гәылрыԥшь араион аҿы 2023 шықәсазы амхыцәаӷәақәа рымҽхак - 800 гектар рҟынӡа инаӡеит, убри аан  600 гектар рҟынӡа аџьықәреи ала илаҵоуп, ауҭраҭых ала - 150 гектар, акартош ала - 20 гектар, акарпыжәи ашьынкеи рыла - 20 гектар, аҟәыд, аҟабақ, ацыца рыла - 10 гектар. Аамҭакала 86,21 гектар рҟынӡа  1992-93 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахази аинвалидцәеи рҭаацәа рзы аџьыкәреи алаҵаразы амхурсҭақәа ааԥынтәи ацәаӷәарақәа мҩаԥгоуп. (120 нхамҩа) Уи иақәхарџьхеит 419 239 мааҭ. Гәылрыԥшь араион ахарџь ала 86 гектар иреиҳаны ицәаӷәан», - ҳәа еиҭеиҳәеит иара.

Зыдгалара мҩаԥгаз аҳасабырба инақәыршәаны, араион аҿы ихадоу ақыҭанхамҩа ахырхарҭаны иҟоу ацитрустә шәыр ааӡара ауп. Зынӡа ацитрустә шәырқәа ахьрызҳауа адгьыл амҽхак 1 127 гектар рҟынӡа инаӡоит - 531 055 шьапы. Ажьырныҳәамза 01, 2023 шықәса рзы иҟаз аҭагылазаашьа ала уахәаԥшуазар, аҳәынҭқарратә сектор аҟынтәи қьырала ирыҭаз ацитрустә ҵиаақәа  рхыԥхьаӡара  233,75 гектар – 100 200 шьапы рҟынӡа инаӡоит. 2022-шықәсазы имҩаԥгаз  ақыҭанхамҩатә шәҟәынҵара арбагақәа рыла, ахатәы сектор аҿы ацитрустә шәырқәа иааныркылоит  893,25 гектар - 430 855 шьапы. 2022 шықәсазы  -  22 000 тонн рҟынӡа ацитрустә шәырқәа аадрыхит .

«Иара убас, араион аҿы иазҳауеит ахәырма, афеихоа, алаҳа, ажь, уи иазоужьуп 250 гектар инарзынаԥшуа адгьылҵакыра, ачаи аплантациақәа рымҽхак 197 гектар рҟынӡа инаӡоит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы араион аҿы активла аҵыҵындра аарыхра иалагеит. Ари ақыҭанхамҩатә культура иазоужьуп 50 гектар адгьылҵакырақәа, иарбоу аалыҵ бжьаратәла иаадрыхуеит 500 тонн инарзынаԥшуа», - ҳәа иҳәеит иара.

Рафик Григориан ишазгәеиҭез ала, ақыҭауаа ҷыдала агәҭынчымра рызцәырҵуеит еиуиеԥшым аԥхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷа хқәа рацәаны иахьыҟоу, урҭ иахәҭоу аҿагылара рмоур аура зегьы ԥхасҭахар алшоит.

«Ҳара ақыҭанхамҩа Аминистрра иҳарҭо ацхыраарала аԥхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷақәа рықәгаразы иахәҭоу зегьы ҟаҳҵоит. 2023 шықәсазы ицәҩабжьоу амармалташьтә пты, америкатәи аԥарԥалыкь шкәакәа, уҳәа рықәгареи аҵиаақәа рыхәышәтәреи рзы иазоужьхеит 2650 литра рҟынӡа ашҳамхимиатә маҭәашьарқәа. Ироуз амаҭәашьарқәа анаҩс ауааԥсыра рызшара азы ақыҭақәа рхадарақәа ирыҭан»  - ҳәа иазгәеиҭеит Аусбарҭа ахада.

Рафик Григориан иара убас ишазгәеиҭез ала, ақыҭанхамҩа аусхкы аҿы аусдкылара аҿиара ацхыраара аҭаразы 2023 шықәса алагара инаркны ақыҭанхамҩа Аминистрра ахь идәықәҵан  25 ақыҭанхамҩатә бизнес апроектқәа. Уи рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ 14 299 000 мааҭ рҟынӡа инаӡоит, урҭ рахьынтә зыхәԥса 7 922 000 мааҭ рҟынӡа инаӡо  18 проект ақәыршаҳаҭра аиуит.

Рафик Григориан араион аҿы ақыҭанхамҩатә потенциал ишахәҭоу еиԥш инагӡаны ахархәара аиуӡом, избан акәзар алшарақәа маҷуп.  

«Аибашьра ҟалаанӡа ақыҭанхамҩатә наплакқәа арахәааӡарҭатә фермақәа рыман. Аҳәынҭқарратә сектор аҿы иҟан хәба-фба нызықь хы, ахатәы сектор аҿы – 20 - 30 нызықь хы.  Аибашьра ашьҭахь аҳәынҭқарратә сектор зынӡа иҟамлаӡеит, ахатәы сектор аҿы акәзар, - уи ахыԥхьаӡара 10 нызықь хы рҟынӡа иагхеит», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Рафик Григориан игәаанагарала, аиԥш-зеиԥшу аҭагылазаашьа шьақәгылеит ашьхааӡара аганахьалагьы. Аибашьра ҟалаанӡа араион аҿы аус ауан Лаҭатәи ашьхааӡаратә совынхара, араҟа иҟан 2000 рҟынӡа ашьхымӡа.  Ахатәы сектор аҿы 4000 шьхымӡа. Аибашьра ашьҭахь, 2022 шықәсазы имҩаԥгаз ашәҟәҭаҩра арбагақәа рыла, араион аҿы ишьақәыргылан 3 729 шьхымӡа. Аибашьра ҟалаанӡа ацха аҟаҵара - 300 тонн рҟынӡа инаӡон, аибашьра ашьҭахь уи 100 тоннак рҟынӡа иагхеит. 

 

 


Read 289 times - Асабша, 15 Ԥхынгәы 2023 18:26
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.