АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Ԥхынгәы.2023

Очамчыра ақалақь Амш азгәарҭоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынгәымза 15 рзы Очамчыра  2523 - шықәса ахыҵра  азгәарҭоит.

Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵарала иалагеит.

Амшын аԥшаҳәа иахьаҵанакуа иаатит Очамчыра, Гал, Гәылрыԥшь араионқәа рҟынтәи ақыҭанхамҩатә аалыҵ ахәаахәҭратә цәыргақәҵа. Иара убас еиҿкаахеит аҟазацәеи асахьаҭыхыҩцәеи рцәыргақәаҵа.

Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа зыԥсҭазаара зегьы иалагӡаны араион аҿы инхо абыргцәеи, аҭыԥантәи ауааԥсыреи  ақалақь иаҭааз асасцәеи бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит.

«Иахьатәи аныҳәа рыдысныҳәаларц сҭахуп араион ауааԥсыра, асасцәа! Ҳара абар шьҭа ҩышықәсоуп ари амшныҳәа азгәаҳҭоижьҭеи. Уи традициала ишьақәгылеит, аринахысгьы хымԥада иацҵахоит. Ишыжәбо еиԥш, зегьы ргәалаҟазаара бзиоуп, илахҿыхуп. Ҳара иахьа егьырҭ араионқәа рҟынтәи ирацәаҩны асасцәа ҳарзыԥшуп. Зегьы аманшәалареи аизҳазыӷьареи рзеиӷьасшьоит!!».

Ахәаахәҭратә цәыргақәҵа (аиармарка) аҿы аҭыԥантәи ауааԥсыреи араион иаҭааз асасцәеи еиуеиԥшым афатә, хкы-хкыла ашәқәа, аџьанџьыхәа, ацха, аҩы, ҿыц еиҵарԥхьоу ачаи, иара убас аҵәы иахаҵаны иӡу ацәжьы  ргьама абара рылшоит.

Иара убас, ахәыҷқәа рзы амульфильмқәа рфырхацәа злоу ақәгыларақәа, аквестқәа, ашәахтә хәылԥеизара, уҳәа рыла ишьақәгылоу инарҭбаау арлахҽыхратә программа  еиҿкаауп.

Ахәылбыҽха аныҳәатә концерт аҿы имҩаԥысуеит сынтәа ашкол  иалгаз аҿар рыдныҳәалара, ақалақь аҿы инхо ҳаҭыр зқәу атәылауаа аҳамҭақәа  ранашьара, иара убас аԥсуа естрадеи Кавказтәи артистцәеи рықәгылара.

Аныҳәатә программа афеиерверк ала ихыркәшахоит.


Read 406 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.