АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Ԥхынгәы.2023

2023 шықәса актәи азыбжазы Гәылрыԥшь араион аҿы 22 цәгьоура ҟалеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса фымз ирылагӡаны араион аҿы 22 рҟынӡа ацәгьоурақәа ҟалеит, урҭ рахьынтә иаартхеит  21, убас ала араион аҿы ацәгьоурақәа раартра 97,7% рҟынӡа инаӡоит, ҳәа араион Ахадараҿы имҩаԥгаз аилатәара аҿы Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит Гәылрыԥшь араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аиҳабы Резо Гәылариа.

Уи иҟаиҵаз адыррақәа рыла, иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы ашәҟәы иҭагалахеит 23 рҟынӡа ацәгьоура, урҭ зегьы аартуп.

«Сынтәа ашәҟәы иҭагалаз 22 цәгьоура рҟынтәи ҩба - ҷыдала иуадаҩу рахь иаҵанакуеит, руак аартуп. Иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы ҷыдала иуадаҩу ацәгьоурақәа хәба ҟалеит , урҭ зегьы аартуп», - ҳәа еиҭеиҳәеит иара.

Резо Гәылариа ишазгәеиҭаз ала, атуристцәа рганахьала ацәгьоурақәеи азинеилагарақәеи рыԥхьырҟәҟәаара иазкны еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.

3 130 амҩатә ԥҟарақәа реилагарақәа, ижәны амашьына аԥсҟы акра иадҳәалоу 301 зинеилагара уахь иналаҵаны, 196 – амашьына мыцхәы арццакра, 360 – амашьына авасра аԥҟара аилагареи амҩатә дыргақәа реилагареи, 113 – амашьына аԥсҟы акра азы азин зырҵабыргуа аршаҳаҭгага ада амашьына арныҟәцара, уҳәа азинеилагарақәа аарԥшуп.

«Ашықәс актәи азыбжазы илҩааз ахараԥсақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 2 млн 332 нызықь рҟынӡа инаӡоит.  146-ҩык ижәны амашьына аԥсҟы ахьыркыз азы амашьына арныҟәцаразы азин аршаҳаҭга рымхуп», - ҳәа инациҵеит Резо Гәылариа.

Араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аиҳабы иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ҳазҭоу ашықәс фымз ирылагӡаны иҟалеит амҩатә машәыртә хҭысқәа жәба, убри аан хәҩык ҭахеит, 17 – ҩык еиуеиԥшым ахәрақәа роуит.


Read 367 times - Асабша, 15 Ԥхынгәы 2023 11:35
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.