АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Ԥхынгәы.2023

Аслан Бжьаниа: Гәылрыԥшь араион алшара дуӡӡақәа амоуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гәылрыԥшь араион Ахадараҿы Гәылрыԥшь араион актив алархәны 2023 шықәса актәи азбжазы аусура аихшьаалақәа ирызкны анҭыҵтәи аизара мҩаԥигеит.

Актив аусура иалахәуп аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аекономика аусбарҭа анапхгаҩы Алхас Аӡынба.

Араион Администрациа 2023 шықәса актәи азбжазы аусура иазкны ажәахә ҟаиҵеит Администрациа Ахада Саид Ҳаразиа. Уи иааигаз арбагақәа рыла, 2023 шықәса актәи азбжазы Гәылрыԥшь араион абиуџьет ахашәалахәытә хәҭа анагӡан 104% рыла. Планла иарбаз 116 млн.мааҭ рыҟнытә ааимҭақәа идыртәеит 120 млн.мааҭ. Урҭ рахьтә ахатә хашәалақәа идыртәеит 43 млн. мааҭ, аплан аҟны иарбаз 39 млн. мааҭ раан.

Араион ахада атәыла анапхгара адырра риҭеит 2022 шықәса иаҿырҧшны ҳахәаҧшуазар, ахашәалахәы 5 млн. 350 нызқь мааҭ рыла ишеиҳахаз. Абиуџьет ахашәалахәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ аҟны ашәахтәтәии ишәахтәтәыми ааимҭақәа рхыҵхырҭа хадақәаны иҟоуп ахашәалахәытә шәахтә. «2023 ш. аҳасабырбатә аамҭазы ахатәы хашәалақәа хкқәа 13 хкы рахьтә 9 хкык рыла аплан нагӡоуп. 2023 ш. актәи азбжа ареспубликатә биуџьет аҟнытә дотациа ҳасабла иааит 25 млн.769 нызқь мааҭ, планла иарбаз 24 млн.900 нызқь мааҭи асубсидиақәеи рыла - 48 млн. 40 нызқь мааҭи. Иара убас Ахада ирезервтә фонд аҟынтә 350 нызқь мааҭ рыхә аматериалтә цхыраара рзыҟаҵан жьҭаарамзазы амшцәгьақәа ирхырҟьаны аԥхасҭа зауыз анхарҭатә ҩнқәа. Аминистрацәа реилазаара арезервтә фонд аҟынтә Гәылрыԥшь араион Анхарҭа коммуналтә усбарҭа иҷыдоу атехника азаахәаразы иазоужьын 3 млн. 538 нызқь мааҭ -аӡхагалагақәа ҩба, ф-ызқьҩык ауааҧсыра ӡыла еиқәзыршәо. Ҳазҭагылоу аамҭазы абиуџьет аныхтә хәҭа нагӡоуп 94, 4% рыла. Планла иарбаз 1 млн.419 нызқь мааҭ  раан фактла аныхтә иартәеит 1 млн. 264 нызқь мааҭ.

Абиуџьет аҟынтә ахадаратә харџьқәа азкуп аҵараиура, уи азеиҧш харџь аҟынтә иартәеит  44,8% иаагоуп.  01.07.2023 ш.рзы зхы иақәиҭу  абиуџьет ацәынха  иартәеит 14 млн. 277 нызқь мааҭ",- иҳәеит иара.

Амшхәаԥштә аҟны излацәажәоз азҵаарақәа иреиуан афинанс-нхамҩатә усбарҭа иадҳәалаз азҵаарақәа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра араионтә ҟәшақәа, Ареспубликатә унитартә наплакы  «Амшынеиқәафымцамч» аҿгақәа русура алҵшәақәа .

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит  2023 шықәса актәи азбжазы администрациақәа русура аихшьала иазку араионқәа рактивқәа злахәу иахьатәи анҭыҵтәи аизара шраԥхьатәиу.

«Ари зыҟаҳҵо аҭыԥан араионқәа рнапхгаҩцәеи активи ҳрацәажәарц, актәи ахаҿқәа    рыла иааидкыланы аҭагылазаашьа зеиҧшроу еилаҳкаарц азоуп»,- ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

«Сара иқәгылоз зҿлымҳара рыҭаны сырзыӡырҩруан, аха арахь саанӡа аматериалқәа ҭысҵааит. Иубарҭоуп аусура шцо, аха иҵегьы аусура иацхраатәуп, ирццактәуп, избанзар араион аҟны атәылаҟнеиҧш, иаартым алшарақәа амоуп, уи аартра ҳамч-ҳалша зегьы адаҳҵароуп», - ҳәа иҧхьаӡоит Аҳәынҭқарра Ахада.

Уи иазгәеиҭеит араион ашәахтәтә инспекциа адыррақәа рыла, 2022 шықәса инадыркны абиуџьет ахь аплан ахыхь ахашәалақәа шааиуа. «Ас еиҧш алҵшәа ахьыҟоу бзиоуп, аха ҳара еиҳау арбагақәа ҳҭахуп»,- иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Иара игәаанагарала, Гәылрыԥшь араион алшара дуӡӡақәа амоуп, убри анаҩсгьы Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо атәылауаа еиҳа усурҭала иахьеиқәшәоу аҭыԥқәа ируакны иԥхьаӡоуп.

Убри аан, Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла, асовет аамҭазы иаадрыхуаз ақыҭанхамҩа аалыҵ ҳазҭагылоу аамҭазтәи арбагақәа ирыҿурҧшуазар, еиҧшым, ҩынтәны еиҳазар алшон.

«Иацаҳҵаша ыҟоуп, убри аҟынтә ақыҭанхамҩа аинвестициақәа алагалатәуп. Арҭ аусура хкқәа рзы аҳәынҭбиуџьет аҟынтә шәраион азы мацара ахарџьқәа арбоуп. Ақыҭанхамҩа аминистрраҟны 8 млн. мааҭ рыхә апроектқәа арбоуп. Ари аҩыза уаанӡа иҟамызт, уи бзиоуп, аха иазхом», - ҳәа иҧхьаӡоит Ахада.

Уи Гәылрыԥшь араион аҟны асасааирҭақәа рыргыларазы иазгәаҭаз апланқәа ргәалаиршәеит. "Хымԥада, уи абиуџьет иацҵаны ааимҭақәа аанагоит» ,- иҳәеит Ахада.

«Атуристә усхк арҿиара апрограмма ҳтәылауаа рганахьала ацхыраара аҭахуп. Аинвестор изы ашәарҭара ыҟоуп, аха уи ҟамларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп. Џьоукы  анклавақәа аҧырҵоит ҳәа, Аҧсны адемографиатә ҭагылазаашьа аҧсахуеит ҳәа, аха уи иашам. Апарт-отель иазку азакәан икоммерциатәу еиҭамҵуа амазара зтәу атәылауаҩра рыҭара алнаршом, уи ус шакәу адокумент иануп, аха аимак-аиҿак аҭыҧ амоуп», - иҳәеит игәы иаланы Аслан Бжьаниа.

"Ҳара иахьа 2 млрд. мааҭ рыхә ақыҭанхамҩа аалыҵ ҭҳажьуеит. Апартамент иазку азакәан уи аалыҵ хәынтә иацнаҵар алшоит. Убри анаҩс, аинфраструктура аиҳарак аиҭашьақәыргылара ҳалшоит. Автомашьынамҩа, аихамҩа, амшын баӷәаза – ари зегьы асовет аамҭазы ӷәӷәала ахарџь рықәырӡын. Ҳара уи аҩыза алшара ҳамам. Убри аҟынтә аинвестициеиԥш иҟоу ҳаамҭа иақәшәо амеханизмқәа ҳхы иаҳархәароуп, иара убас уи ахылаҧшра. Ари аекономикеи абизнеси рырҿиараҟны ацхыраара ҳнаҭоит. Арҭ зегьы еимадоуп, урҭ рыӡбара ҳалшароуп. Ҳарҭ иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп  ҳтәылауаа еиӷьны инхаларц азы, рыҧсҭазаара ахаҭабзиара еиӷьзарц азы, ҳауаажәлар  атәыла иалҵны имцаларц азы»,- абас иқәгылара аихшьала азиуит Аслан Бжьаниа.

Уи Гәылрыҧшь араион аҟны асасааирҭақәа рыргыларазы иазгәаҭаз апланқәа ргәалаиршәеит. "Хымԥада, уи абиуџьет иацҵаны ааимҭақәа аанагоит» ,- иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

«Атуристә усхк арҿиара апрограмма ҳтәылауаа рганахьала ацхыраара аҭахуп. Аинвестор изы ашәарҭара ыҟоуп, аха уи ҟамларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп. Џьоукы  анклавақәа аҧырҵоит ҳәа, Аԥсны адемографиатә ҭагылазаашьа аҧсахуеит ҳәа, аха уи иашам. Апарт-отель иазку азакәан икоммерциатәу еиҭамҵуа амазара зтәу атәылауаҩра рыҭара алнаршом, уи ус шакәу адокумент иануп, аха аимак-аиҿак аҭыҧ амоуп», - иҳәеит игәы иаланы Аслан Бжьаниа.

"Ҳара иахьа 2 млрд. мааҭ рыхә ақыҭанхамҩа аалыҵ ҭҳажьуеит. Апартамент иазку азакәан уи аалыҵ хәынтә иацнаҵар алшоит. Убри анаҩс, аинфраструктура аиҳарак аиҭашьақәыргылара ҳалшоит. Автомашьынамҩа, аихамҩа, амшын баӷәаза – ари зегьы асовет аамҭазы ӷәӷәала ахарџь рықәырӡын. Ҳара уи аҩыза алшара ҳамам. Убри аҟынтә аинвестициеиԥш иҟоу ҳаамҭа иақәшәо амеханизмқәа ҳхы иаҳархәароуп, иара убас уи ахылаҧшра. Ари аекономикеи абизнеси рырҿиараҟны ацхыраара ҳнаҭоит. Арҭ зегьы еимадоуп, урҭ рыӡбара ҳалшароуп. Ҳарҭ иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп  ҳтәылауаа еиӷьны инхаларц азы, рыҧсҭазаара ахаҭабзиара еиӷьзарц азы, ҳауаажәлар  атәыла иалҵны имцаларц азы»,- абас иқәгылара аихшьала азиуит Аслан Бжьаниа.

Араион аҟны ибзиоу ҳәа Аслан Бжьаниа иазгәеиҭиет амилаҭ еилаԥса ахьынхо. «Атәыла анапхгара рҿаҧхьа иқәгылоу зҵаара хаданы иҟоуп мҽхакы ҭбаала ҳтәылауаа ршәарҭадара ахьчара. Аха уи шԥазалыршахо иахәҭоу аекономикатә лшарақәа ыҟамкәа. Ҳара акыраамҭа еиуеиҧшым апроблемақәа ҳрылацәажәалар ҳалшоит, аха аекономикатә ҟазшьа змоу ашәарҭадара азҵаарақәа рыӡбара аҵыхәтәан афинансқәа рзымхарахь ҳнаргоит»,- иҳәеит АҳәынҭқарраАхада.

Уи Гәылрыԥшь араион аҟны асасааирҭақәа рыргыларазы иазгәаҭаз апланқәа ргәалаиршәеит. "Хыԥада, уи абиуџьет иацҵаны ааимҭақәа аанагоит» ,- ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

«Атуристә усхк арҿиара апрограмма ҳтәылауаа рганахьала ацхыраара аҭахуп. Аинвестор изы ашәарҭара ыҟоуп, аха уи ҟамларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп. Џьоукы  анклавақәа аԥырҵоит ҳәа, Аԥсны адемографиатә ҭагылазаашьа аԥсахуеит ҳәа, аха уи иашам. Апарт-отель иазку азакәан икоммерциатәу еиҭамҵуа амазара зтәу атәылауаҩра рыҭара алнаршом, уи ус шакәу адокумент иануп, аха аимак-аиҿак аҭыҧ амоуп», - иҳәеит игәы иаланы Аслан Бжьаниа.

Ҳарҭ иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп  ҳтәылауаа еиӷьны инхаларц азы, рыԥсҭазаара ахаҭабзиара еиӷьзарц азы, ҳауаажәлар  атәыла иалҵны имцаларц азы»,- абас иқәгылара аихшьаала азиуит Аслан Бжьаниа.

 

 


Read 292 times - Асабша, 15 Ԥхынгәы 2023 11:10
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.