Алхас Ҷыҭанаа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, 2023 шықәса актәи азыбжазы Аҟәа араион аҿы ацәгьоурақәа раарԥшреи реилыргареи 71,4% рҟынӡа инаӡеит.
Иарбоу аамҭахәҭа иалагӡаны иаарԥшын ацәгьоурақәа быжьба, урҭ рахьынтә еилырган хәба. 2022 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы иаарԥшын 13 цәгьоура.
Алхас Ҷыҭанаа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ажьырныҳәамза 1, 2023 шықәса инаркны ԥхынгәымза 1, 2023 шықәса аҟынӡа ашәҟәы иҭагалахеит 4021 амҩатә ԥҟарақәа реилагара, амҩа-транспорт хҭысқәа ҩба ҟалеит, аӡәы дҭахеит, ҩыџьа ахәрақәа роуит.
Уи иара убас 2023 шықәсазы Аҟәа араион аҿы ақыҭанхамҩа аҿиара азы аҳәынҭқарратә программа ала ақәыршаҳаҭра аиуит 13 бизнес-проект, урҭ рынагӡара ахәԥса азеиԥш еицҵалыҵ 8,9 млн. маҭ рҟынӡа инаӡоит ҳәа адырра ҟаиҵеит.
Ихадоу ахырхарҭақәа:
– имаҷу амеханизациа ахархәагақәа раахәара;
– арахәааӡара;
– аӡәахәааӡара;
– аҟәыҟәбааӡара;
Алхас Ҷыҭанаа, араион абиуџьет аҟынтәи иазоужьхеит Кьалашәыр аӡиас арҭбаареи аҭрыцқьаареи рзы 31, 3 млн мааҭ, иара убас 14, 6 млн. мааҭ аӡыла аиқәыршәара аобиектқәеи аӡымҩангагақәеи рыԥсахреи, иахьауа реиҭашьақәыргылареи рзы, ҳәа адырра ҟаиҵеит.
Уи иара убас инацҵаны иҳәеит араион аҿы аӡхагаларҭа ахьыҟам инамаданы, абар шьҭа хы-шықәса инареиҳаны Ӡыгәҭа ақыҭан аӡхагаларатә станциа аргылара шымҩаԥысуа. Ҳазҭоу ашықәс цәыббрамза нҵәаанӡа иарбоу аобиект аус арура азԥхьагәаҭоуп. Уи азы араион абиуџьет аҟынтәи иазоужьхеит 36 млн. мааҭ.
Алхас Ҷыҭанаа адырра ҟаиҵеит иҳаҩсыз ашықәс инаркны ахәбатәи аекипаж аибашьцәа-атанкистцәа рбаҟа аргылара шымҩаԥысуа. Уи иақәхарџьхоит 14 млн. мааҭ. Иара иҟаиҵаз ааинформациа ала, имҩаԥгаз араион амҩақәа реиҭашьақәыргылара иартәеит 5,2 млн. мааҭ.
«Шаҟа ҳекономика аҿиара бзиахо, шаҟа ирацәаны ашәахтә зшәо аобиектқәа цәырҵуа аҟара араион аҭагылазаашьагьы еиӷьхалоит. Ҳара иҿыцу акурорттә обиектқәа ҳаур, усҟан есыҽны иааҳадгыло ауадаҩрақәеи ауснагӡатәқәеи рынагӡара еиҳа иаҳзымариахоит, жәаҳәарада», - ҳәа иҳәеит иара.