АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Ԥхынгәы.2023

Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ ақыҭан иҟоу икьакьоу абзазаратә црыҵқәа рышьҭаҵарҭа ҳазҭоу ашықәс нанҳәамзазы аусура иалагоит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ аҟны абзазаратә црыҵқәа рышьҭаҵарҭаҟны аргыларатә усурақәа шцо гәаиҭоит. Аобиект аҟны аусурақәа ирылагеит 2021 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Шьаҭанкылатәи аргыларазы аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит имҩаԥгоу аусуразы. Ари аусмҩаԥгатә афинансзоужьра 2 шықәса ҳәа еихшан. Ҳазҭагылоу аамҭазы аргыларатә усурақәа актәи рыхәҭа хыркәшахоит. 12 гектар зҵазкуа ашьҭаҵарҭа ацрыҵқәа рзы ажра мыругала еиқәыршәоуп, аихшарҭа цәаҳәа шьақәыргылоуп, арыцқьагатә ргыламҭақәа рзы амыругақәа ҿаҵоуп.

Ҭемыр Агрба иажәақәа рыла аҩбатәи ахәҭа ахыркәшараан иазԥхьагәаҭоуп арыцқьагатә ргыламҭақәа рыргылара.

«Аобиект аргылара хыркәшаны ианрыҭаха, аусура мҩаԥыслоит абри асхемала: 12-ҩык ауаа агәам-сам еилырхлоит аметалл афракциақәа, асаркьа ралхразы, анаҩс аорганикатә црыҵқәа ажра иҭажьхоит, еилацалахоит ирапаны. Ажра анҭәлак адгьылқәа реиҭашьақәыргылара мҩаԥгахоит», - иҳәеит Ҭемыр Агрба. Шьаҭанкылатәи аргыларазы Аусбарҭа  аиҳабы иара убас иацҵаны иҳәеит агәам-сам еизакырҭахь инеиуа амҩа акаҭранбетонла ишыхҟьахо.

 


Read 319 times - Ахәаша, 14 Ԥхынгәы 2023 22:50
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.