АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Ԥхынгәы.2023

Гәылрыԥшь араион абиуџьет ахашәалахәытә хәҭа 2023 шықәса актәи азыбжазы 104% рыла инагӡахеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гәылрыԥшь араион абиуџьет ахашәалахәытә хәҭа 2023 шықәса актәи азыбжазы  104% рыла инагӡахеит, ҳәа имҩаԥгаз инарҭбаау аусуратә еилатәара аҿы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа адырра ииҭеит араион ахада Саид Ҳаразиа.

«Аплан ала ишьақәырӷәӷәаз 116 млн. мааҭ рҟынтәи фактла иалагалаз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 120 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Урҭ рахьынтә ахатәы хашәалахәқәа  –  иазԥхьагәаҭаз 39 млн мааҭ раан иалагалахеит 43 млн. мааҭ», - ҳәа адырра ҟаиҵеит Саид Ҳаразиа.

Араион ахада анаҩс иҟаиҵаз адыррақәа рыла, 2022 шықәса иаҿырҧшны ҳахәаԥшуазар, ахашәалахәы 5 млн. 350 нызқь мааҭ рыла ишеиҳахаз. Абиуџьет ахашәалахәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ аҟны ашәахтәтәии ишәахтәтәыми ааимҭақәа рхыҵхырҭа хадақәаны иҟоуп ахашәалахәытә шәахтә. «2023 шықәсазтәи аҳасабырбатә аамҭазы ахатәы хашәалақәа хкқәа 13 хкы рахьтә 9 хкык рыла аплан нагӡоуп. 2023 шықәса актәи азбжа ареспубликатә биуџьет аҟнытә дотациа ҳасабла иааит 25 млн.769 нызқь мааҭ, планла иарбаз 24 млн.900 нызқь мааҭи асубсидиақәеи рыла - 48 млн. 40 нызқь мааҭи. Иара убас Аҳәынҭқарра Ахада ирезервтә фонд аҟынтә 350 нызқь мааҭ рыхә аматериалтә цхыраара рзыҟаҵан жьҭаарамзазы амшцәгьақәа ирхырҟьаны аԥхасҭа зауыз анхарҭатә ҩнқәа. Аминистрацәа реилазаара арезервтә фонд аҟынтә Гәылрыԥшь араион Анхарҭа коммуналтә усбарҭа иҷыдоу атехника - аӡхагалагақәа ҩба, ф-ызқьҩык ауааҧсыра ӡыла еиқәзыршәо разаахәаразы иазоужьын 3 млн. 538 нызқь мааҭ Ҳазҭагылоу аамҭазы абиуџьет аныхтә хәҭа нагӡоуп 94, 4% рыла.

Планла иарбаз 1 млн.419 нызқь мааҭ  раан фактла аныхтә иартәеит 1 млн. 264 нызқь мааҭ.

Абиуџьет аҟынтә ахадаратә харџьқәа азкуп аҵараиура, уи азеиԥш харџь аҟынтә иартәеит  44,8% иаагоуп.  01.07.2023 шықәса рзы зхы иақәиҭу  абиуџьет ацәынха  иартәеит 14 млн. 277 нызқь мааҭ",- ҳәа иҳәеит иара.


Read 234 times - Асабша, 15 Ԥхынгәы 2023 09:09
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.