Аилак алахәылацәа Ауаажәларратә еиҿкаара «Ахеиқәырхара» алахәылацәа аус рыцурала иарбоу аусхкы аҿы ишьақәгылаз иуадаҩу аҭагылазаашьа алҵра азы еиҳа хра злоу алҵшәақәа раарԥшра зылшо аусмҩаԥгатәқәа ралкаареи рымҩаԥгареи рзы аӡбамҭа рыдыркылеит.
13.Ԥхынгәы.2023
Апарламент апрофилтә Еилакы аилатәараҿы аԥсуа бызшәа аиқәырхара апроблемақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәеи ауаажәларратә еиҿкаара «Ахеиқәырхара» алахәылацәеи аҵарадырреи анаукеи абызшәатә политикеи адинхаҵареи амассатә информациа ахархәагақәеи рзы Апарламент аилак инарҭбаау аилатәара аҿы аԥсуа бызшәа аиқәырхара иадҳәалоу апроблемақәа ирылацәажәеит.
«Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәа азы» Азакәан аныҟоу аамҭазы аԥсуа бызшәа ала ицәажәо рхыԥхьаӡара ессааира еиҵахо иаауеит, уи аинформациатә хархәагақәа русура аҿы, аҳәынҭқарратә напхгара аусбарҭақәа русура аҿы, иара убас аусшәҟәқәа реикәыршара аҿы, иара убас адәахьтәи аӡырга, уҳәа рҿы ахархәара еиҳа-еиҳа иԥсыҽхоит», - ҳәа иазгәарҭон иқәгылоз ражәахәқәа рҿы.