АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Ԥхынгәы.2023

Аенергетикцәа уахы-ҽни Гагра араион афымцала аиқәыршәара аиҭашьақәыргылара азы аус руеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла аԥсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз Гагра араион амагистралтә фымцацәаҳәақәа рыла афымцамч аашьҭра 95% рыла еиҭашьақәыргылоуп, ҳәа иаанацҳауеит Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» апресс-маҵзура.

Иҟоуп ирацәаны афымцацәаҳәақәа реиԥҟьара. Аенергетикатә инфраструктура аобиектқәа жәпакы аӡы ахьрыҵалаз иахҟьаны афымцацәаҳәақәа икьаҿу реиқәылара ҟалеит, иара убас афымцацәаҳәақәа рышьаҟақәа каҳаит.  

Уажәы Гагра араион аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыцҵоуп. Авариатә бригадақәа рыцхырааразы араион ашҟа инацҵаны идәықәҵан иҷыдоу атехника, атракторқәа, аҳарқәеи адгьылкылҵәагатә шьақәыргылақәеи Аҟәатәи Арадио-фымцатә Станциа аспециалистцәеи «Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аофис хада аусзуҩцәеи. Аусурақәа иааиԥмырҟьаӡакәа уахи-ҽни имҩаԥысуеит.

Ԥхынгәымза 8 – 9  ауха Гагра араион аҿы ақәаршҩы ӷәӷәа ауит. Аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны аенергетикатәи амҩатәи аинфраструктура ааха ӷәӷәа аиуит. Аӡы рыҵалеит  1100 инарзынаԥшуа аҩнқәа.


Read 233 times - Ахаша, 12 Ԥхынгәы 2023 10:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.