АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Ԥхынгәы.2023

Аԥсабаратә рыцҳара Аҟәа ақалақь митәык аԥырхага анамҭаӡеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Илеиз ақәаршҩы аҳҭнықалақь митәык аԥырхага анамҭаӡеит.  Абри азы адырра ҟаиҵеит аҳҭнықалақь Ахадара анхара-коммуналтә Нхамҩа Адепартамент адиректор ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба.

«Аԥхынра аӡиасқәа рышьҭрақәа рыҭрыцқьаара иазкны имҩаԥгаз аусурақәа алҵшәа бзиақәа аадырԥшит. Басла, Аӡаԥшь аӡиасқәа хымҵӡеит. Абжьааԥны аӡы зҵалоз Бегәа имҩеи Титов имҩеи уажәы аӡы ықәымлаӡеит. Турбаза аҳабла акрыфарҭа Ҿыц азааигәара аӡхыҵра ҟалазшәа асоциалтә ҳақәа рҿы иҭоу авидео – уи ҵыԥхтәи аҭыхымҭа ауп, цасҳәа аӡәы аинтернет иҭеиҵеит. Сынтәа имҩаԥгаз аӡышьҭрарыцқьаратә усурақәа ирыбзоураны Басла аӡиас хымҵӡеит. Ҳара уахь ҳцаны иҟоу аҭагылазаашьа гәаҳҭеит», - ҳәа иҳәеит Руслан Аҩӡба.

Аҟәа хәыҷ аӡиас, иара убас Гарикәара ауп маҷк ихыҵыз, урҭ рыӡқәа абӷанҷ аманы  амҩақәа  ирықәлеит. Аҟәа хәыҷ аӡиас аӡышьҭра зшәаҳаз ихжәаз аҵла амахәқәеи ақдоухәқәеи Лакоба амҩахысырҭа иҿықәнагалеит. Уи азы ауп аӡгьы зхыҵыз.

«Аҟәа хәыҷ аӡиас зхыҵуа уи аӡышьҭра ахьрыцқьам азы акәӡам, уи злаауа аҭҳәаа акыр иахьыҭшәоу азы ауп изыхҟьо», - ҳәа иҳәеит Руслан Аҩӡба.

Аԥснытәи адраматә театр Пушкин имҩа аганахьала амаҵзуратә хыбра  ахәҭак аӡы ыҵалеит. Синоп аҳабла Услар имҩа аҿы  ҵлак каҳаит.

Руслан Аҩӡба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, аҳҭнықалақь Ахадара анхара-коммуналтә Нхамҩа Адепартамент аҿы иаха инаркны «еиԥырҟьам аимадара ацәаҳәа» («горячая линия») аартуп.

«Аӡы аӡәы иҩны иҩналаны иҟам, аӡәы ацхыраара дамыҳәаӡацт. Ҳара ҳусзуҩцәа аҭел ала адыррақәа рыдыркылоит, макьаназы иҷыдоу ахҭыс ҟалеит ҳәа аӡәгьы дамысӡацт», –  ҳәа иҳәеит иара.         

Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара апресс-маҵзура.

 


Read 283 times - Аҩаша, 11 Ԥхынгәы 2023 19:20
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.