2023 шықәса актәи азыбжа азы Амилаҭтә шәаратә система ашәаратә инфраструктура арҭбаара иазырхоу аусура иацҵахеит. Амилаҭтә шәаратә система аинфраструктура ала инагӡаз инапынҵаду ахшәааратә операциақәа реизак 2022 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 40% рыла иазҳаит, уи 4 612 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.
Иазҳаит иара убас Аԥсны анҭыҵ АԤРА ахсаалагақәа рыла имҩаԥгоу аоперациақәа рхыԥхьаӡарагьы, уи аизак 45 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Иара 2022 шықәса актәи азыбжа арбага 39% рыла еиҳауп.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, афинанстә ҭышәынтәалара азы ауснагӡатәқәа рыплан назыгӡо акредиттә еиҿкаарақәа хра злоу алҵшәақәа аадырԥшуеит. Ахәҭакахьала, Аԥсны Аҵәахырҭатә Банк 2023 шықәса актәи азыбжа ахашәалахәы аманы ихнаркәшеит.
Хара имгакәа Аԥсны Абанк ахатәы саит аҿы иарбахо акредиттә еиҿкаарақәа рҟынтәи аофициалтә дыррақәа аиураны иҟоуп.