АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Ԥхынгәы.2023

Гәдоуҭеи Гагреи араионқәа рыплиажқәа ишьақәырӷәӷәоу анормақәа иахьрықәымшәо азы ахараԥса рыдҵоуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭқарратә Инспекциа аусзуҩцәа Афон Ҿыц, Гәдоуҭа, Гагра, Пицунда ақалақьқәеи Цандрыԥшь аҳаблеи рҿы аплиажқәа ргәаҭара мҩаԥыргеит.

«Аҽыкәабаратә зонақәа ишьақәырӷәӷәоу анормақәа иахьынӡарықәшәо агәаҭара мҩаԥган. Иҟоу анормативқәа инагӡаны ирықәшәоит Афон Ҿыц ақалақь аҿы иҟоу аплиаж. Егьырҭ аплиажқәа ракәзар, урҭ рҭагылазаашьа азы аҭакԥхықәра зду ахаҿқәа рганахьала ахараԥсатә санкциақәа раҳасабала административтә уснагӡатәқәа мҩаԥгоуп», - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.


Read 179 times - Аҩаша, 04 Ԥхынгәы 2023 22:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.