АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Ԥхынгәы.2023

Иашҭхәа ақыҭан иаатит афершалтә-ԥҳәысеилыргаратә пункт.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа араион Иашҭхәа ақыҭан иаатит афершалтә-ԥҳәысеилыргаратә пункт. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит араион ахада Алхас Ҷыҭанаа, ахада ихаҭыԥуаҩ  Фарад Микаелиан, араионтә поликлиника аҳақьым хада Андреи  Ҭыжәба.

Иашҭхәа ақыҭан инхоит 2300-ҩык. Акыраамҭа ҵуеит апункт аус амуеижьҭеи, убри азы анхаҩцәа рхала ақалақь ахь ицар, мамзаргьы ирласы амедицинатә цхыраара иаԥхьар акәхон. Аҟәа араион ахадара абиуџьет ахарџь ала ахыбра аиҭашьақәыргылареи иаҭаху амаҭәахә аахәареи мҩаԥган.

Алхас Ҷыҭанаа ипункт зегьы рымчқәа еилаҵаны аартра алыршахеит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ари Иашҭхәа ауааԥсыра рзы даара акыр зҵазкуа хҭысуп», - ҳәа иҳәеит иара. Афершалтә-ԥҳәысеилыргаратә пункт аҿы иҟалоит ҩыџьа аусзуҩцәа: афершали амедиаҳәшьеи. Урҭ ачымазцәа ргәаҭареи актәи амедицинатә цхыраара рыҭареи, акардиограмма аҭыхра, асатурациа ашәара, ашьақәыӷәӷәара агәаҭара, акәаԥлашьҭыга ақәыргылара рылшоит.  

Афершалтә-ԥҳәысеилыргаратә пункт Аҟәатәи араионтә поликлиника иаҵанакуеит.

«Афершалтә пунктқәа – ари апрофилактика амҩаԥгара злашьаҭарку ауп. Зегьы ирыцку – ианаамҭоу ауаҩы ихьуа ачымазара аилкаареи ахәышәтәырҭахьы ишьҭреи. Ари ақыҭауаа рзы хра злоу усуп», - ҳәа иҳәеит Алхас Ҷыҭанаа.

Афершалтә-ԥҳәысеилыргаратә пункт аусурамшқәа рзы асааҭ 09:00 инаркны асааҭ 16:00  рҟынӡа аус аулоит.  


Read 184 times - Аҩаша, 04 Ԥхынгәы 2023 22:10
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.