Аԥсны ицәыргақәнаҵоз аалыҵны иҟалеит ҩ-банкнотқәеи 50 хкы инарзынаԥшуа аԥсарқәеи. Ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны иҭииз абанкнотқәа рзеиԥш еицҵалыҵ 2 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Аԥснытәи абанк абанкнотқәа иаархәеит адунеи 30 тәыла рҟынтәи анумизматцәа.
Беслан Бараҭелиа аԥснытәи абанкнотқәа раахәаразы аинтерес аусмҩаԥгатә ашьҭахьгьы ишыҟац иаанханы иҟан ҳәа иҳәеит.
«Абанк рҽамардоит QR-код ацхыраарала, аонлаин-ҿаҵа аҳасабала абанкнотқәа раахәара залыршахома ҳәа иазҵаауеит», - ҳәа иҳәеит иара.
Гонконгктәи жәларбжьаратәи анумизматтә хәаахәҭратә цәыргақәҵа адунеи зегьы аҟынтәи авалиутақәеи аԥсарқәеи злаху Азиа акыр зҵазкуа анумизматикатә хҭысны иҟоуп.