АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Ԥхынгәы.2023

Аконцертқәа, ацәыргақәҵақәа, абалет: Аҟәа Амш шазгәарҭо.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынгәымза 7 – 9 рзы Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы Аҟәа ақалақь Амш азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.

Ԥхынгәымза 7

Асааҭ 19:00 рзы  – Амҳаџьыраа рыԥшаҳәа аҿы, аколлонада азааигәара имҩаԥгахоит урыстәылатәи аестрада артистцәа Дмитри Маликов, Анна Семенович, Дариа Антониук рконцерт.  Аусмҩаԥгатә аиҿкаара ахахьы иагеит  - Москватәи Акультура-усуратә Центр «Москва Аҩны».

Ԥхынгәымза 8

Асааҭ 13:00 рзы – Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа  Реидгыла ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы иаатуеит ацәыргақәҵа «Аҟәа – есымша иуцу аныҳәа ауп!».

Асааҭ 14:00 рзы – Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы (С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи адраматә театр аҟынтәи Аҳәынҭқарра Ахада Иубарҭа аҟынӡа)  Аԥсуа иашҭа-игәара ацәыргақәҵа «Аҟәа ашҭа» еиҿкаахоит.

Асааҭ 17:00 рзы – Б. Шьынқәба ихьӡ зху апарк аҿы имҩаԥгахоит асахьаҭыхыҩ қәыԥшцәа русумҭақәа рцәыргақәҵеи «Аҟәа иаци иахьеи» ҳәа хыс измоу  афотоцәыргақәҵеи. Араҟа иара убас еиҿкаахоит Аҟәа ақалақь аҭоурых иазку аквиз. Аиааира зго агәаларшәагатә ҳамҭақәа ранашьахоит.

Астолтә хәмаррақәа абзиабаҩцәа ашашкақәа, ашахматқәа, мамзаргьы астолтә ԥкьаҭмпыл аҿы еицлабыр рылшоит. Имҩаԥгахоит иара убас ахыци ахәымпали рыла ахысразы атурнир.

Асааҭ 18:00 рзы  – С. Багаԥшь ихьӡ зху аплошьад аҿы ирылагоит ахәыҷқәа рзы еиҿкаау арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа – аинтерактивтә хәмаррақәа, уаҩышәара инеиуа акьанџьақәа, ахаа-мыхақәа рызшара.

Асааҭ 18:00 рзы – Амҳаџьыраа рыԥшаҳәа аҟны, ақьафурҭа «Амра» аҿаԥхьа еиҿкаахоит «Аклассикатә музыка акәакь».

Асааҭ 20:30 рзы  – Амҳаџьыраа рыԥшаҳәа аҟны (аколоннада азааигәара), аныҳәатә концерт «Сықалақь Аҟәа» мҩаԥысуеит.

Асааҭ 22:00 рзы  – аҟәатәи ажәҩан арлашоит аныҳәатә феиерверк.

Ԥхынгәымза 9

Асааҭ 16:00 рзы – Амҳаџьыраа рыԥшаҳәа аҟны, (аколоннада азааигәара) имҩаԥгахоит амилаҭтә культурақәа жәларбжьаратәи аинклиузивтә гала-концерт «Алтын майдан – Абхазия»  (Татарсҭан – Аԥсны).   

Асааҭ 18:00 рзы – Амҳаџьыраа рыԥшаҳәа аҟны, (аколоннада азааигәара) Пермь ақалақь аҟынтәи иааз  ахәыҷтәы балет Fouetté еизаз П. И. Чаиковски ибалетқәа «Щелкунчик», «Лебединое озеро», «Спящая красавица» рцыԥҵәахақәа дднарбоит.

Асааҭ 20:00 рзы  – Аҟәа. Ақалақь Аҳабла Ҿыц аҿы имҩаԥгахоит аныҳәатә концерт «Ҳара ҳҳабла».

 

 


Read 244 times - Аҩаша, 04 Ԥхынгәы 2023 19:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.