АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Ԥхынгәы.2023

Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуеит “Арҵаҩратә ҟазара ашкол”.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  А. С. Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №2 аҿы «Арҵаҩратә ҟазара ашкол» II асезон аусура иалагеит.

Аԥхынтәи ашкол аҵакы хаданы иҟоуп ҳаамҭазтәи азнеишьқәа рдырра, арҵара атехнологиақәа, ааӡареи аҵараиурҭақәа рнапхгараҭареи, уҳәа  аҵарадырра аусхкы аҿы аԥышәала аимадара ала арҵаҩцәа рзанааҭтә ҿиара аҩаӡара ашьҭыхра алыршара, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара аҵарадырра Аусбарҭа.

«Арҵаҩратә ҟазара ашкол» II асезон аусура аҿы рхы аладырхәуеит 146-ҩык арҵаҩцәеи аҳҭнықалақь ааӡаҩцәеи. Ашкол мҩаԥыслоит ԥхынгәымза  3 – 8 рзы. Мчыбжьык иалагӡаны  амастер-классқәа мҩаԥыргалоит Г. Державин ихьӡ зху Тамбовтәи аҳәынҭқарратә Университети Аԥснытәи аҳәынҭқарратә  Университети рырҵаҩцәа, Н. Арӡынба ихьӡ зху апедагогика Аинститут аусзуҩцәа, иара убас  Аҟәа ақалақь ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи рааӡаҩцәеи рырҵаҩцәеи. Амастер-классқәа абарҭ ахырхарҭақәа рыла имҩаԥгахоит: аԥсуа бызшәеи алитературеи, аурыс сектор аҿы аҵара зҵо рзы аԥсуа бызшәа, аурыс бызшәеи алитературеи, англыз бызшәа, аматематика, афизика, ахимиа, абиологиа, агеографиа,  алагарҭатә школ, ашколнӡатәи аҵарадырра, аҵара аҟәша аиҳабацәа. 


Read 235 times - Аҩаша, 04 Ԥхынгәы 2023 19:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.