АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Ԥхынгәы.2023

Аслан Бжьаниа Тамшьтәи адесант аҟны иҭахаз ргәаларшәара иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Тамшь ақыҭаҟны 30 шықәса раԥхьа Тамшьтәи адесант аӡхыҵра амш аҽны  Ахьӡ-Аԥша Абаҟаҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.

Ашәҭшьҭаҵара ацеремониа иалахәын 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, аиҳабыра алахәцәа, Администрациақәеи ақыҭақәеи рхадацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Агәалашәаратә митинг аҟны дықәгылеит Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба.

 

«Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар!

Иахьа ҳара иаҳгәаҳаларшәоит ҳтәыла ақырҭуа ир рыҟнытә ахы ақәиҭтәра иадҳәалоу ахҭыс.

30 шықәса раԥхьа, ԥхынгәымза 2 рзы Тамшь ақыҭаҟны имҩаԥган ашьҭахь Аиааира агараҟны аҵак ду змаз адесанттә операциа. 

Аӷа ирхәҭақәа рыбжьара аимадара еиԥҟьаны, Тамшьтәи адесанттә операциа иалнаршеит Аҟәа ахахьала ажәыларақәа рымҩаԥгара, анаҩс 90 мшы рышьҭахь Аԥсны ахи аҵыхәеи аҭарцәрагьы. Арҭ амшқәа раан 57–ҩык аибашьцәа ҳацәҭахеит, урҭ ргәалашәароуп иахьа абра, урҭ аибашьцәа ршьа зхьыршу аҭыԥ аҟны ҳаизызгазгьы.

Иахьа, шьҭа 30 шықәса рышьҭахь иаҳбеит урҭ баша ишҭамхаз. Аԥсны ахы иақәиҭхеит, Тамшь ақыҭаҟны ауаа ргәы рҭынчны инхоит- инҵуеит.

Рыхьӡ кашәара ақәым ари Аиааира зыхәҭаа алоу зегьы.– Аԥсны аҵеицәа хьӡырҳәагақәа, хатәгәаԥхарала иааны иҳадгылаз, иара убас ҳдиаспора аҟнытә ҳашьцәа, 

Иҟазааит наунагӡа Аԥсны аҭынчра!  Абзиара шәықәзааит!»,- ҳәа иҳәеит иара.


Read 179 times - Аҩаша, 04 Ԥхынгәы 2023 19:03
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.