АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Ԥхынгәы.2023

Имҩаԥысит Аԥсны Ахадеи Владимир Путини ҭелла реицәажәара.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путини ҭелла реицәажәара

Ахада гәыҩбарада азакәанреи аконституциатә леишәеи рышьақәыргылара иазку Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара имҩаԥнаго аусмҩаԥгатәқәа адгылара шриҭо атәы иҳәеит.

Ҩ-ганктәи аусеицура инамаданы актуалра змоу азҵаарақәа рылацәажәараан аҳәынҭқаррақәа рхадацәа иазгәарҭеит зыҩаӡара ҳараку аимадарақәа шрыбжьоу, иара убас аҧхьаҟа урҭ рырӷәӷәарагьы ишазхиоу.

Ҷыдала хшыҩзышьҭра арҭеит арҭеит ахәаахәҭра-економикатә усхк аҟны ҩ-ганктәи аусеицуреи аинфраструктуратә проектқәа рынагӡареи ирызку атемақәа. Аицәажәара аҵак ду, аконструктивтә ҟазшьа аманы имҩаԥысит.

Аицәажәараан Аслан Бжьаниа Владимир Путин Аҧсныҟа ааҧхьара ииҭеит Аҧсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи ахьыҧшымра азхаҵара 15 шықәсеи Аиааиреи Ахьыҧшымреи 30 шықәсеи рхыҵра иазку аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа разгәаҭара аҽалархәразы.

 


Read 175 times - Аҩаша, 04 Ԥхынгәы 2023 19:03
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.