АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Ԥхынгәы.2023

Алхратә комиссиа Хада ареферендум амҩаԥгаразы аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәҭагалара мҩаԥнагеит.

Аҟәа. Рашәарамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҩаша, ԥхынгәымза 4, 2023 шықәсазы имҩаԥысыз  Алхратә комиссиа Хада аилатәара аҿы  ареферендум амҩаԥгаразы аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәҭагалара амҩаԥгара азҵаара иахәаԥшит.

Аԥсны Алхратә комиссиа Хада ахь «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ҽҳәараанӡа иалхрақәа рымҩаԥгара  хымԥадатәиуп ҳәа ишәыԥхьаӡома?» ҳәа азҵаарала ареферендум амҩаԥгаразы зеилазаара 36-ҩык рыла ишьақәгылоу аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәҭагаларазы  арзаҳал  нашьҭхеит. 

Аԥсны Алхратә комиссиа Хада аилазаара зегьы еицҿакны аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәҭагалареи уи зыдгалара мҩаԥнаго азҵаара ареферендум ахь ацәыргареи рзы аӡбамҭа рыдыркылеит.


Read 321 times - Аҩаша, 04 Ԥхынгәы 2023 18:49
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.