АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Ԥхынгәы.2023

Ԥхынгәымза 4 рзы Аԥсныҟа усуратә визитла даараны дыҟоуп Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 4 рзы Аԥсныҟа усуратә визитла даараны дыҟоуп Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр  Максим Решетников.

Аминистр Гагра ақалақь аҿы иԥылоит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр  Кристина Озган, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Гагра араион ахада Иури Ҳагәышь, Шьаҭанкылатәи аиргыларазы Аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба.

Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр иусуратә ҭаара апрограмма аҿы иазԥхьагәаҭоуп Аԥсны асоциал-еконоикатә ҿиара иазку Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны урыстәылатәи афинанстә цхыраара ахарџь ала зеиҭашьақәыргылара мҩаԥысуа аобиектқәа рҭаара.  

Урҭ иреиуоуп – Гагра араион Алаҳаӡы ақыҭан иҟоу астанцеиҵа «Алаҳаӡы  - 110 кВ». Уи аиҭашьақәыргылара арбоуп 2023 – 2025 шш. Аинвестициатә программа аҿы. Афинанстәра ашәагаа 350  млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  Ари астанцеиҵа аусура аларгара иабзоураны Гагра ақалақь аҿы афымцатә црыӡмҩангагақәеи ацрыӡрыцқьаратә еиқәыршәагақәеи иҿыцу атуристә комплексқәеи  раҿакра алыршахоит.

Максим Решетников иара убас 2017-2019 шш., 2020-2022 шш., 2023-2025 шш. Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны зыргылара мҩаԥысуа ацрыӡ-рыцқьаратә еиқәыршәагақәа рыргылара ахьымҩаԥысуа аплошьадкагьы  даҭаараны дыҟоуп. Араҟа аусурақәа хыркәшахароуп 2024 шықәсазы. Уажәраанӡа ацрыӡқәа арыцқьаратә усдуларада амшын иалалон.  Аобиект ахархәарахь аҭара иабзоураны Гагреи Пицундеи ақалақьқәа рҟынтәи ацрыӡқәа ррыцқьаратә усдулара амҩаԥгара алыршахоит.  

Максим Решетников убасҵәҟьа Пицунда ақалақь аҿы асасааирҭа-аппартаменттә комплекс «Москва Резорт» ахьыргылахо аҭыԥ даҭаараны дыҟоуп.  

Бзыԥ аҳаблаҿы аминистр дахәаԥшраны дыҟоуп астанцеиҵа «Бзыԥ - 220 кВ».  Ари астанцеиҵа Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа афымцалашарала еиқәзыршәо ихадоу обиектны иҟоуп. Уи аусура иаларган 1964 шықәса рзы. Ари астанцеиҵа ареконструкциа иазку аусмҩаԥгатә иалагалоуп зымчхара 220 кВ, 110 кВ рҟынӡа инаӡо иаарту аихшаратә шьақәыргыларақәа рырҭбаара, зымчхара  63 мВт рҟынӡа инаӡо автотрансформаторқәа ҩба зымчхара 125 мВт. рҟынӡа инаӡо автотранспортқәа ҩба рыла аԥсахра. Ареконструкциа 2023 шықәсазы ихыркәшахоит, аусурақәа зегьы 95% рыла инагӡоуп.

Гәылрыԥшь араион аҿы Максим Решетников астанцеиҵа «Дранда - 110 кВ» даҭаауеит. Ари астанцеиҵеи «Агудзера - 110кВ» астанцеиҵеи аҟәатәи аҳаирбаӷәаза, иара убас икьакьоу абзазаратә црыҵқәа рышьҭаҵарҭеи афымцалашарала еиқәнаршәоит. Аҳаирбаӷәаза ареконструкциа азы иаҭаххо афымцамч амчхара - 4 мВти II акатегориа иаҵанакуа афымцалашарала аиқәыршәара ақәгәыӷрареи. Уи арҭ астанцеиҵақәа реиҭашьақәыргылареи аҳауала инагоу афымцамҩангагатә цәаҳәа аргылареи рышьҭахь ауп ианзалыршахо. 2023 – 2025 шш. Аинвестициатә программа аҿы арҭ аобиектқәа арбаӡам, аҳауала инагоу афымцацәаҳәақәа рыргылареи рмодернизациеи рзы иазԥхьагәаҭоу ахарџь  – 500 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Гәылрыԥшь араион Кыцыкыҭ ақыҭан Максим Решетников  зыргылара мҩаԥысуа икьакьоу абзазаратә црыҵқәа рполигон даҭааны игәеиҭоит. Аргыларатә усурақәа рхыркәшара 2023 шықәсазы иазԥхьагәаҭоуп.

Ареспублика аҿы икьакьоу абзазаратә црыҵқәа реизакырҭақәа иахәҭоу рхыԥхьаӡара ыҟаӡам. Полигонзаҵәык Гагра араион аҿы иҟоуп. Уи ареспублика мраҭашәара аганахьала ацрыҵқәа аднакылоит. Аҟәа ақалақьи ареспублика мраҭашәаратәи араионқәеи рҟынтәи ацрыҵқәа рышьҭаҵара уи азы ҷыдала иалхым аҭыԥқәа рҿы имҩаԥысуеит, уи ареспублика аҿы аеколологиатә ҭагылазаашьа иҽеим анырра анаҭоит. Аполигон ахархәарахь алагалара ареспублика агәи мраҭашәаратәи ахәҭеи рҟынтәи икьакьоу абзазаратә црыҵқәа  еиҳау рыхәҭа ҭыԥк аҿы ашьҭаҵара алыршахоит.

Иахьа  иахымгакәа имҩаԥысраны иҟоуп Максим Решетникови Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби  реиԥылара.

 

 


Read 246 times - Аҩаша, 04 Ԥхынгәы 2023 17:18
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.