Аҟәа. Ԥхынгәымза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Александр Лукашенко Беларусиа Ареспублика Ахьыԥшымра амш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Александр Григори-иԥа!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Беларусиа Ареспублика Ахьыԥшымра амш. Ари аныҳәа атәыла аиҭаира иасимволуп, уи Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аан асолдаҭцәа рфырхаҵарала аҭоурых наунагӡа ианылаз абеларус жәлар еицакра зқәым рдоуҳамч шаҳаҭра азнауеит.
Абри амш аҽны, 79 шықәса раԥхьа, Беларусиа аҳҭнықалақь ахы иақәиҭтәын, анемец - фашисттә мпыҵахалаҩцәа ԥыххааса иқәҵан. Минсктәи аоперациа зыҩаӡара ҳараку арратә ҟазаразы иҿырԥшы ӷәӷәаны иҟоуп.
Тәылак иахәҭакны иҟаз Аԥсни Беларусиеи еидгыланы иаҳзеиԥшыз ӷа иҿагылеит, еидгыланы аҭынч ԥсҭазаарагьы аиҭашьақәыргылара иаҿын. Аԥсны жәлари абеларус жәлари ирыбжьоу аҭоурыхтә еимадара ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара уасхыр дуны иазышьҭоуп. Агәра згоит, имҩаԥысуа аҿиара хымԥада Аԥсни Беларусиеи рыжәларқәа рыгәҭакқәа шырныԥшуа.
Аҭагылазаашьа схы иархәаны, Алеқсандр Григори-иԥа, абеларус жәларгьы Шәаргьы ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара, аихьӡарақәа».