АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Рашәара.2023

Апрокуратура аусеилыргаратә усбарҭақәа 2020-2022 шықәсазы абиуџьеттә ԥаратә хархәагақәа реимҵәара иадҳәалоу афактқәа рыла 10 ашьаусеилыргарақәа еилдыргеит.

Аҟәа. Рашәарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апрокуратура аусеилыргаратә усбарҭақәа  2020-2022 шықәсазы абиуџьеттә ԥаратә хархәагақәа реимҵәара иадҳәалоу афактқәа рыла 10 ашьаусеилыргарақәа еилдыргеит. Абри азы рашәарамза 30 рзы имҩаԥысыз азинхьчаратә усбарҭқәа ркоординациатә еилатәара аҿы ажәахә ҟаҵо адырра ҟалҵеит азакәанԥҵара анагӡара ахылаԥшра аҭаразы Аԥсны апрокуратура Хада аусбарҭа аиҳабы Лиана Ҭарба.

Аусеилыргарақәа 8 ахарадҵа ацны аӡбарҭа ахь идәықәҵоуп,  2 – рыла аусеилыргара мҩаԥысуеит.

Ацәгьоурақәа 6 рзы адыррақәа рыла апроцессуалтә гәаҭара мҩаԥысуеит. Урҭ рыла аусеилыргара ахацыркра мап ацәкуп.

Аҳасабырбатә аамҭахәҭа иалагӡаны апрокуратура аусбарҭақәа ашәахтә цәгьоурақәа рҟазшьа змоу 6 материалк рыла апроцесуалтә гәаҭара мҩаԥыргеит.  Урҭ рахьынтә хԥа рыла аусеилыргара ахыцыркра мап ацәкуп.

2020 – 2022 шш.  апрокуратура Хада аусеилыргаратә усбарҭа аусеилыргаратә хәҭа ала еилыргоуп аусеилыргарақәа 5, урҭ рахьынтә  3 -  аилыргара азы аӡбарҭа ахь идәықәҵоуп, ҩба – аиусеилыргара мҩаԥысуеит.

Иарбоу аамҭахәҭа азы зусеилыргара ахацыркра мап ацәку ацәгьоурақәа рзы 10 дыррак рзы апроцессуалтә гәаҭарақәа мҩаԥган.

 

 


Read 280 times - Асабша, 01 Ԥхынгәы 2023 18:45
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.