Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Ҭырқәтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵаразы иҟоу алшарақәа дрылацәажәеит апартиа "Аԥсадгьыл" (Vatan Partisi - аред.) Догу Перинчеки иареи реиԥылараан.
«Ҭырқәтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵара - еицаҳзеиԥшу хықәкуп. Агәра шәсыргәоит, уи хара имгакәа ишалыршахо»,- иҳәеит Перинчек.
Уи адагьы, аганқәа аиԥылараҟны иалацәажәеит Аԥсни Аҩада Кипри русеицура аҿиара, иара убас Урыстәыла Украина имҩаԥнаго аоперациа ҷыда, Перинчек иажәақәа рыла, ҭырқәтәылауаа реиҳараҩык уи иадгылоит.
Догу Перинчек иҳәеит «90% Ҭырқәтәыла ауааԥсыра Урыстәыла адәныҟатәи аполитика ишадгыло».
Инал Арӡынба иазгәеиҭеит арратә операциа ҷыда еиҳа инарҭбаау жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистема ҿыц шаԥнаҵо.