АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Рашәара.2023

Инал Арӡынбеи Талих Ҳәатышьи Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа рнырра атәы иалацәажәеит.

Рашәарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апровинциа Диузџье аҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Ҭырқәтәыла амилаҭтә еизара Ду адепутат Талих Ҳәатышьи реиԥылара мҩаԥысит. Дара Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа рнырра атәы иалацәажәеит.

Инал Арӡынба иазгәеиҭеит Ҭырқәтәыла Апарламент аҿы Аԥсны азхаҵареи жәларбжьаратәи аимадарақәеи рзы аусура актуалра аҵаны ишыҟоу.

Талих Ҳәатышь ари аԥшьгамҭа дшадгыло иҳәеит, иазгәеиҭеит асеиԥш иҟоу апланқәа рынагӡаразы иалшо зегь шыҟаиҵало.

Аиԥылараан Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны иадҳәало ауснагӡатәқәа Ҭырқәтәыла рымҩаԥгара ареспублика ахьӡ аларҵәаразы ишхәарҭа дуу.

2007 шықәсазы Талих Ҳәатышь Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь депутатс далхын.


Read 339 times - Ахәаша, 30 Рашәара 2023 22:51
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.