АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Рашәара.2023

Едуард Бәыҭәба агәабзиарахьчара аусхкы аҿы Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара азҵаарақәа ирызку аилатәара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Рашәарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥшьаша, рашәарамза 29 рзы  авидеоконференциа арежим ала аԥснытәии урыстәылатәи аган алархәны имҩаԥысит агәабзиарахьчара аусхкы аҿы Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара азҵаарақәа ирызку аилатәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Аԥснытәи аган ахантәаҩра аиҭон атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, урыстәылатәи аусуратә гәыԥ напхгара аиҭоит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Виктор Фисенко.

Аганқәа ахәҭакахьала «Агәабзиарахьчаразы» Аԥсны Азакәани «Урыстәылатәи Афедерациа аҟны атәылауа ргәабзиара ахьчара ашьаҭақәа рзы» афедералтә закәани рыбжьара аконцептуалтә еиқәымшәарақәа рықәгара азҵаара иалацәажәеит.

Едуард Быҭәба, агәабзиарахьчара аусхкы аҿы азакәанқәа реишьашәалара иабзоураны аԥснытәи амедицина иҿыцу аҩаӡара ахь ацәырҵреи Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҩганктәи аусеицура хра злоу анырра аҭареи алыршахоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Аилатәараҿы иара убас ателемедицина аҿиара азҵаарақәагьы ирзааҭгылеит.

Аилатәара ахыркәшамҭаз Едуард Быҭәбеи Виктор Фисенкои аҩганктәи ахылаԥшырҭақәа инарыгӡаз аусура ахәшьара ҳаракы арҭеит, иара убас ҳаԥхьаҟа иазԥхьагәаҭоу ауснагӡатәқәа зегьы ианаамҭоу анагӡара шалыршахо азы агәрагара аадырԥшит.


Read 300 times - Ахәаша, 30 Рашәара 2023 21:15
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.