АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Рашәара.2023

Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа ихадоу акатегориақәа ирыҵанакуа аусзуҩцәа руалафахәы ашьҭыхразы Ақәҵара рыдыркылеит.

Аҟәа. Рашәарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 29, аԥшьаша имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы агәабзиарахьчара, аҵарадырра, анаука, акультура, аспорт, атәылауаа рсоциалтә маҵзура, уҳәа аусхкқәа рыла аус зуа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа 2023 шықәсазы руалафахәы ашьҭыхразы ақәҵара рыдыркылеит.  

Атәыла Анапхгара аҿы 2023 шықәсазы Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа ихадоу акатегориақәа ирыҵанакуа аусзуҩцәа абжьаратәи руалафахәы ашьҭыхразы ақәҵара рыдыркылеит.

Аусзуҩцәа ироуа ауалафахәы аҩаӡара доусы рыквалификациеи инарыгӡо аусура ауадаҩреи ирбо аџьабааи уи ахаҭабзиареи иадҳәалахоит, уи Аԥсны аҳәынҭқарратә усбарҭақәа иашьашәалоу акатегориа иаҵанакуа аусзуҩцәа ирзыԥҵәоу абжьаратәи аулафахәы аҩаӡара еиҳахар, мамзаргьы еиҵахар алшоит.

Иарбоу ақәҵара ажьырныҳәамза 1,  2023 шықәсазы ишьақәгылаз азинтә еизыҟазаашьақәа ирызкхоит.

Афинансқәа Рминистрра «2023 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан апроект хыхь  иарбоу аиҭакрақәа ҳасаб азуны аиқәыршәареи анаҩс аминистрцәа Реилазаарахь анашьҭреи рзы адҵа аҭоуп.


Read 202 times - Ахәаша, 30 Рашәара 2023 20:49
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.