Аҟәа. Рашәарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 29 рзы имҩаԥысит Беслан Ҳалуашь напхгара ззиуаз Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак аилатәара.
Аилатәара иалахәын: Апарламент адепутатцәа, афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Амҷба И.Ф., АҬА аминистр 1-тәи ихаҭыԥуаҩ Делибалтиан Т.А., Астатистиказы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Гогьиа К.А.
Ирыхәаԥшит «Аҳәынҭқарратә ҳазазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭаҷ 4 аԥсахрақәа ралагаларазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект; «Аԥсны Аҳәынҭқарра ибиуџьеттәым асоциалтә фондқәа рахь аԥгаԥсатә лагаламҭақәеи ашәатәқәеи рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭаҷ 6 аԥсахрақәа ралагаларазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект; «Аелектронтә шәатәы хархәагақәа рхархәарала Амилаҭтә шәатәы системазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект.
Аилацәажәара ашьҭахь адепутатцәа арҭ азакәанапроектқәа имҩаԥысраны иҟоу асессиа аилатәараҟны актәи аԥхьараан адкыларазы ацәыргаразы азыӡба рыдыркылеит.
Аилатәараҟны иара убас иахәаԥшит аҩбатәи аԥхьараан ахәаԥшра иазырхиоу «Аԥсны Аҳәынҭқарра астатистикатә усуразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанопроект. Ахцәажәара анаҩс адепутатцәа азыӡба рыдыркылеит аԥсахрақәа ҳасаб рзуны, аҩбатәи аԥхьараан апарламент изаамҭанытәиу аилатәараҟны ахәаԥшразы ирабжьгазаааит ҳәа.
Иара убас адепутатцәа алацәажәеит «Аҭыԥантәи абиуџьетқәа рахь ахыԥхьаӡаларақәа рышьақәыргыларазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект. Ари азҵаара ахцәажәарақәеи анаҩстәи абжьыҭарақәеи реихшьалақәа рыла Аилак алахәцәа Апарламент асессиа аилатәараҟны адкыларазы абжьгара аҭахны ирымԥхьаӡеит.