– ақьыра аҽҳәара зегьы иалагӡаны ахықәкытә зкызаара инақәыршәаны аобиект ахархәара; – қьырала игоу аобиекти уи иаԥну аҵакыреи иахәҭоу атехникатә хылаԥшреи аиқәыршәареи алыршара;
– амартизациатә хыхтәқәеи адгьылтә шәахтәи уахь иналамҵакәа, шықәсык ахь 700 000 мааҭ рҟынӡа инаӡо ақьырахәыԥса ашәага-зага ашьақәыргылареи уи ақьыратә еиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ашьҭахь ахыԥхьаӡалареи;
– ақьыратә хәыԥса ашәага-зага ақьыратә еиқәшаҳаҭра азинмчы аҽҳәара иалагӡаны хы-шықәса рахь знык еиҵамкәа аиҭахәаԥшра;
– ақьырагаҩ ихы иадиҵаз аҭакԥхықәра ишахәҭоу ала анагӡара залмыршахар, ақьыратә еиқшаҳаҭра аԥыхра (азинмчы ааанкылара);
Аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы аҳәынҭқарратә Усбарҭа ахьчаратә усшәҟәқәа реиқәыршәара иазку аусмҩаԥгатәқәа нанагӡароуп.