АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Рашәара.2023

2023 шықәсазы Ареспубликатә биуџьети аҳәынҭқарратә абиуџьетнҭыҵтәи афодқәа рбиуџьетқәеи рзы азакәанқәа рыпроектқәа реиқәыршәара азы аусура аҽҳәара алкаахеит.

Аҟәа. Рашәарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы 2024 шықәсазы Ареспубликатә биуџьети аҳәынҭқарратә абиуџьетнҭыҵти фодқәа рбиуџьетқәеи рзы азакәанқәа рыпроектқәа реиқәыршәара азы аусура аиҿкааразы ақәҵара рыдыркылеит.

Аекономика Аминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарра 2024 шықәсазы асоциал-економикатә ҿиара азԥхьагәаҭара аиқәыршәара аиҿкаареи ԥхынгәымза   15, 2023 шықәсанӡа  2024 шықәсазы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара Аиндикативтә план аминистрцәа Реилазаара ахь ашьақәырӷәӷәаразы анашьҭреи адҵоуп.  

Афинансқәа рминистрра иадҵоуп: Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара Аиндикативтә план арбагақәа рыла ишьаҭаркны ареспубликатә биуџьет 2024 шықәсазы ихадоу арбагақәа рыпроектқәеи ршәага-загақәеи аус рыдулара;

Жьҭаарамза 1, 2023 шықәсанӡа «2024 шықәсазы ареспубликатә биуџьет азы» азакәан апроект аминистрцәа Реилазаара ахь ашьақәырӷәӷәаразы анашьҭра.  

Аҳәынҭқарратә абиуџьенҭыҵтәи афондқәа рнапхгараҭаратә усбарҭақәа жьҭаарамза 1, 2023 шықәсанӡа 2024 шықәсазы аҳәынҭқарратә абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа рбиуџьетқәа апроектқәа  аминистрцәа Реилазаара ахь  рнагара алдыршароуп.

Аҭыԥантәи аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа иарбоу абиуџьетқәа реиқәыршәара иазку аусура аиҿкаареи жьҭаарамза 1, 2023 шықәса иахымгакәа  2024 шықәсазы иарбоу аҭыԥантәи абиуџьетқәа рышьақәырӷәӷәара азы аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рыӡбамҭақәа аминистрцәа Реилазаара ахь анагара алнаршароуп.

Ахашәалахәқәа рнапхгараҭарақәа нанҳәамза 10, 2023 шықәсанӡа, ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрреи Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилаки уахь иналамҵакәа, 2024 шықәсазы анапхгараҭара зырҭо  ахашәалахәқәа рыхкқәа рзы азԥхьагәаҭаратә рбагақәа аминистрцәа Реилазаара ахь ашьақәырӷәӷәаразы анагара алнаршароуп.

Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра нанҳәамза 22, 2023 шықәсанӡа 2024 шықәсазы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара Аиндикативтә план арбагақәа рышьаҭала  еиқәыршәоу Аҳәынҭқарратә биуџьет ахь ахашәалахәқәа ралагалара азԥхьагәаҭарақәа рыдгалара ахәҭоуп.  

Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы нанҳәамза 15, 2023 шықәсанӡа  2024 шықәсазы ареспубликатә биуџьет алагалара зыхәҭоу аҳазылхратә шәатәқәеи егьыҭ алагалақәеи разԥхьагәаҭа аиқәыршәареи  адгалареи ахәҭоуп.


Read 281 times - Аԥшьаша, 29 Рашәара 2023 21:29
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.