АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Рашәара.2023

Аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы амшхәаԥштә зҵаарақәа 14 рыла аӡбамҭақәа рыдыркылеит.

Аҟәа. Рашәарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥшьаша, рашәарамза 29 рзы аминистрцәа  Реилазаара  аилатәара мҩаԥысит.  

Амшхәаԥштә хада зынӡа иалагалан 11 зҵаара, иназыцҵоу  – ԥшь-зҵаарак.

Аминистрцәа Реилазаара 14 зҵаара рыла аӡбамҭақәа аднакылеит. Аҵарадырра Аминистрра Аппарат аусзуҩцәа рынаӡаратә хыԥхьаӡаратә еилазаареи 2023 шықәсазы ахылаԥшырҭа аныҟәгаразы аԥаразоужьра ашәага-загеи  рышьақәыргылара азы азҵаара ахәаԥшра анаҩстәи аилатәарахьы иахыргеит.  

***   *** Аминистрцәа Реилазаара «2023-2024 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи рыбжьара аконсультациақәа рымҩаԥгара Аплан апроект азы» ақәҵара аднакылеит. Атәыла Анапхгара Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә хылаԥшырҭақәа рыбжьара 2023-2024 шш. аконсультациақәа рымҩаԥгара Аплан апроект еиқәыршаҳаҭуп ҳәа аԥхьаӡаразы аӡбамҭа аднакылеит.  

***   *** Жьҭаарамза 28, 2022 шықәсазы ирыдыркылаз «Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара  «Неруд-Инвест» Гәылрыԥшь араион Бабышьра ақыҭан зтемпература ҳараку адгьылаҵантәи аӡырԥхақәа рыԥшаареи рыҵхреи рзы адгьылхәҭа анаҩстәи ахархәаразы азин аҭара хықәкыс иҟаҵаны  зтемпература ҳараку адгьыаҵатә аӡырԥхақәа рыҵхырҭа аԥшаареи аконсервациа алхреи рзы азин аҭара азы» Ақәҵара №161 аиҭакрақәа алагалоуп.

Иарбоу аиҭакрақәа Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Неруд-Инвест» иҟанаҵаз аҳәареи Гәылрыԥшь араион Бабышьра ақыҭан зтемпература ҳараку адгьылаҵантәи аӡырԥхақәа рыҵхырҭа аԥшаареи аконсервациа алхреи иазку апроцесс ахыркәшаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵареи рзы иалагалоуп.  Аобиективтә мзызсқәа ирыхҟьаны агеологиатә ҭҵаареи аԥшыхәреи рыпроцесс ахыркәшара аҽҳәарақәа еиҭагахеит. Убри инамаданы аҵыҵырҭа ааглыхратә хархәаразы иазԥхьагәаҭаз аҽҳәара ииагахар акәхеит.

Зтемпература ҳараку адгьылаҵатә аӡырԥхақәа рыҵыҵырҭа ааглыхратә хархәара алагара мҩаԥгазароуп ԥхынҷкәынмза  31, 2023 шықәса иахымгакәа.  

***   *** Аунитартә наплакы «Гагра араион агрофирма «Гагрыԥшь» аҿы шықәсырацәа зҵазкуа аҵиаақәа рықәхра азы» ақәҵара рыдыркылеит.   

Ақәхра иаҵанакуеит 2,0 гектар ирыҵанакуа шықәсырацәа зҵазкуа аҵиаақәа.

Иҭарцәхо адгьылхәҭақәа ақыҭанхамҩатә хықәкқәа рынагӡаразы ахархәара роуроуп.

***   *** Атәыла Анапхгара даҽа қәҵарак ала Гагра араион аҿы ацитрустә совынхара «Аԥсны» аҿы 0,97 гектарк рҿы шықәсырацәа зҵазкуа аҵиаақәа рықәхра азы аӡбамҭа рыдыркылеит.  

Иҭарцәхо адгьылхәҭақәа убасҵәҟьа  ақыҭанхамҩатә  хықәкқәа рынагӡаразы ахархәара роуроуп.

Ақыҭанхамҩа Аминистрреи Аԥсны адгьылхархәареи акадастри рзы аҳәынҭқарратә Усбарҭеи Гагра араион Ахадареи шықәсырацәа зҵазкуа аҵиаақәа рықәхреи иҭарцәхо адгьылхәҭақәа ақыҭанхамҩатә хықәкқәа рынагӡаразы ахархәара рыҭареи рзы адҵа рыҭоуп.   

***   *** Аминистрцәа Реилазаара Гәдоуҭа араион Ахадара ала хазхаҭалатәи аусдкылаҩ  Ичмелиан С. Г Ԥсырӡха ақыҭан 0,15 гектар аҟынӡа инаӡо адгьылхәҭа асасааирҭатә хкы змоу ахыбрақәа рыргылара азы еснагьтәи ахархәаразы азин иҭара иақәшаҳаҭхеит.

***   *** Аминистрцәа Реилазаара ақәҵарала, Гагра араион Пицунда ақалақь иҟоу, 1,0 гектар рҟынӡа инаӡо адгьылхәҭа Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Абырлаш 2022»  Автоабылтәыҭаҭәарҭеи ахәаахәҭратә зкызаара змоу аобиектқәеи рыргыларазы аҭара инамаданы «Ақыҭанхамҩатә зкызаара змоу адгьыл» акатегориа аҟынтәи  «аиланхарҭатә зкызаара змоу адгьыл» акатегориа ахь аиагаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Абырлаш 2022» иҟоу аԥҟарақәа инарықәыршәаны, Гагра араион Ахадара иамххо адгьылхәҭақәа рцынхәрас адгьыл ахархәара ахәԥса азшәара ахәҭоуп.

***   *** Аминистрцәа Реилазаара Гагра араион Ахадара хазхаҭалатәи аусдкылаҩ  Чедиа Р. М. Гагра ақалақь (амикрораион Кемпинг) иҟоу 0,03 гектар рҟынӡа инаӡо  адгьылхәҭа еибырҭо-еимырхо аконструкциақәа рыла ауаажәларратә крыфара аобиект ашьақәыргыларазы қьырала иҭара иақәшаҳаҭхеит.  

***   *** Атәыла Анапхгара ақәҵарала Аҟәа ақалақь) Колхознаиа амҩа, 1-атупик 15) ала иҟоу ахыбрақәа рмазаратә комплекс априватизациа азура ҟало аобиектқәа рсиа иалагалоуп. Ишьақәырӷәӷәоуп иара убас уи априватизациа азы аҭагылазаашьақәа (аԥҟарақәа).  

Ари ақәҵара ашьақәырӷәӷәаразы Жәлар Реизара - Апарламент ашҟа идәықәҵахоит.

Аҳәынҭмазара Аилак Жәлар Реизара-Апарламент ала ақәҵара анышьақәырӷәӷәахалак ашьҭахь априватизациа зызухо аобиект азы аинформациа ареспубликатә кьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа рҿы акьыԥхьра азы адҵа аҭоуп.  

 

 


Read 396 times - Аԥшьаша, 29 Рашәара 2023 15:36
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.