АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Рашәара.2023

ААУ аекономикатә факультет аҿы амагистртә диссертациақәа рыхьчара мҩаԥысит.

Аҟәа. Рашәарамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 27 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы амагистртә программа «Аҳәынҭқарратә напхгараҭара» ала  аужьҭымҭацәа рмагистртә диссертациақәа рыхьчара  мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит ААУ аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша.

Аҳәынҭқарратә аттестациатә комиссиа напхгара аиҭоит Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара аҟны иҟоу Афинанстә Университет аекономикатә теориа  асекциа «Аекономикатә хәыцра аҭоурых» анапхгаҩы, Асовет Еидгыла ахыбгалара ашьҭахьтәи аамҭахәҭазы Урыстәыла аекономикатә ҵара азы раԥхьатәи арҵагашәҟәы  автор, аекономикатә наукақәа рдоктор, апрофессор Иаков Семион-иԥа Иадгаров.

Аҳәынҭқарратә аттестациатә комиссиа алахәылацәа: атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба; аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган; аекономикатә факультет адекан, аекономикатә наукақәа ркандидат, адоцент Ева Озган; аҳәынҭнапхгареи аменеџьменти ркафедра анапхгаҩы, аекономикатә наукақәа рдоктор, апрофессор Хәыта Гәымба; аекономикатә наукақәа ркандидат, аҳәынҭнапхгареи аменеџьменти ркафедра адоцент Анжела Барцыц.

Ахьчараан аужьҭымҭацәа рхала инарыгӡаз анаука-ҭҵааратә усура, аекономикатә анализ алҵшәақәа, иара убас нарыгӡаз аҭҵаара аихшьаалақәа аргументациа азура азы ирымоу адыррақәа аадырԥшит.  

Ахьчара алҵшәақәа рыла, аҳәынҭқарратә аттестациатә комиссиа аӡбарала аужьҭымҭацәа амагистр ҳәа академиатә ҩаӡара ранашьахеит.

Апрофессор Иаков Иадгаров ахьчаразы инагаз амагистрцәа рдиссертациақәа зегьы инагӡаны урҭ разыҟаҵара ахырхарҭа – «Аҳәынҭқарратә муниципалтә напхгараҭара» иақәшәоит ҳәа иазгәеиҭеит:

«Иумбар залшом инагӡоу аҭҵаарақәа рыпрактика-дырратә ҟазшьа. Урҭ ахәҭакахьала ирыдҳәалоуп: Аԥсны асоциал-економикатә планркра аиӷьтәра амеханизмқәа, ареспублика аҿы акризисҿагыларатә напхгараҭара апроблемақәа концептуалра рыӡбара, атәыла аҿы аҵарадырра аусхкы анапхгараҭара асистема аиӷьтәразы арҿыцра иазку анапхгараҭаратә тредқәа, уҳәа убас иҵегьы.

Ҳҳәынҭқарратә аттестациатә комиссиа алахәылацәа зегьы еицҿакны ирыдаркылаз аӡбамҭала, аргументра змоу ашьақәырӷәӷәаратә абжьгарақәа зегьы ҳасаб азуны, инагӡаз амагистртә ҭҵаарақәа рылҵшәақәа рыла, аҭҵаарақәа рҟынтәи акы-ҩбак аԥсҭазаараҿы ахархәара хықәкыс иҟаҵаны, уи иазку Аԥсны аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи рахь анашьҭразы ажәалагала ҟаҵоуп», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Иаков Иадгаров.

Аекономикатә факультет адекан Ева Озган лажәақәа рыла,  амагистратура ахь адкылара аплани аструктуреи Аԥсны азы аспециалистцәа разыҟаҵареи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет иамоу алшарақәа рыла аџьатә ресурсқәа инагӡаны реихшареи ахымԥадатәра иадҳәалоуп.

Азыҟаҵара ауниверситеттә программақәа рыла урыстәылатәи аҵарадырратә стандартқәа инарықәыршәаны, убри аан амилаҭтә компонентқәа ҳасаб азуны имҩаԥысуеит.

«Амагистратура аҿы аҵаратә процесс амҩаԥгара нарыгӡоит ААУ анаука-рҵаҩратә кадрқәа, аҳәынҭқарратә напхгараҭара, афинанстә сфера, аҭыжьра-ааглыхра аусхкы, уҳәа аусбарҭақәа рҟынтәи аспециалистцәа; алекциақәа автортә курсқәа раԥхьаразы, анаукатә семинарқәа рымҩаԥгаразы, амагистрантцәа рыҭҵааратә усумҭақәа анапхгара рыҭаразы ааԥхьара зауз Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҟынтәи аҵарауаа», – ҳәа иазгәалҭеит Ева Озган.

 

 


Read 282 times - Аԥшьаша, 29 Рашәара 2023 12:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.