АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Рашәара.2023

Акциа «Аҿар анаркотикқәа ирҿагылоит» аҳәаақәа ирҭагӡаны аҟәатәи аӡҭарчы аҟны ашколхәыҷқәа рыбжьара аӡсра мҩаԥысуеит.

Аҟәа. Рашәарамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи аолимпиатә ӡҭарчы аҟны Жәларбжьаратәи анаркотикқәа рыдкылареи анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа реиҭарсреи  рҿагылара Амш иазкны аӡсра мҩаԥысуеит.

Аӡсра алагара аламҭалаз, уи алахәылацәа- еиуеиԥшым ақәратә категориақәа ирыҵанакуа ашколхәыҷқәа, азыҟаҵаҩцәа, аҭаацәа ирыдныҳәалеит атәыла аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Тарас Ҳагбеи аҳәынҭқарратә Еилакы аҿар рыҟәша аиҳабы Идрис Кара-Осман-оглыи.

«Иахьатәи акциа иаанарԥшуеит ҳара зегьы анаркотикқәа ҳшырҿагыло, ҳара зегьы агәабзиара еиҷаҳарыла азныҟәара ҳшадгыло. Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿар абҩарҵәыреи аспорти рыла аҽазыҟаҵареи ргәабзиара ацклаԥшреи рзы излауа ала ирацәаны алшарақәа рыҭара азы иалшо зегьы аҟаҵара иазхиоуп», – ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Тарас Ҳагба аӡсра иалахәы зегьы ақәҿиарақәа рзеиӷьаишьеит.

Ари аӡсра зынӡа рхы аладырхәуеит 64-ҩык. Аӡсра 50 метра рҟынӡа инаӡо адистанциа ала имҩаԥысуеит.

Аӡсаҩцәа қәыԥшцәа азыҟарҵоит азыҟаҵаҩцәа Елена Вардимиадии Виктор Задорожныии. 

 

 


Read 218 times - Аԥшьаша, 29 Рашәара 2023 11:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.