Ари ахҭыс иадҳәалоу ихадоу аԥсылмантә традициақәа иреиуоу – акәырбанҟаҵара.
Ашьыжь инаркны Аҟәатәи аџьамаа аҿы имҩаԥган ԥсылманҵасла ҳазшаз иашьапкра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә.
Аҟәа. Рашәарамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 28 рзы Аԥсны аԥсылманцәа, адунеи зегьы аҿы аԥсылмантә динхаҵара ныҟәызго зегьы реиԥш иреиҳау аԥсылмантә ныҳәақәа ҩба иреиуоу – Кәырбан -баирам (Кәырбанныҳәа - ахатәы милаҭтә хьӡы) (Ид аль-Адха – араб бызшәала) азгәарҭоит. Уи иазгәарҭоит аныҳәа Ураза-баирам –аԥсылманцәа рзы иԥшьоу амыз Аурачра иадҳәалоу ачхара анхыркәшахалак ашьҭахь 70 мшы анҵлак.
Аԥсны Кәырбан-баирам (Кәырбанныҳәа-аԥсышәала иуҳәозар) аныҳәатә иусуратәым мшуп.
«Кәрбанныҳәа, мамзаргьы Ид аль-Адха — аԥсылманцәа рныҳәақәа ируакуп, аҳаџьныҟәара хнаркәшоит. Ари аҽны аҟәрҟан излаҳәо ала, ԥхыӡла, аԥаимбар Џьабраил, апророк Ибраҳим иҿы днеины, ԥсаҭатәыс Аллаҳ иҿаԥхьа иԥа дҟаиҵарц иеиҳәеит. Ибраҳим дазыразны, Мекка адәҳәыԥш аҟны дцаны, аҽазыҟаҵаратә усмҩаԥгатәқәа дрылагеит. Аллаҳ, абас ала дԥишәеит Ибраҳим, агәрагьы игеит иҿаҳәатәы шынаигӡоз ала. Аҵыхәтәантәи аминуҭқәа рзы, Аллаҳ, Ибраҳим иԥа Исмаил деиқәирхоит. Иԥа ихаҭыԥан ауаса ԥсаҭатәыс иҟаиҵоит.
Ари ахҭыс иадҳәалоу ихадоу аԥсылмантә традициақәа иреиуоу – акәырбанҟаҵара.
Ашьыжь инаркны Аҟәатәи аџьамаа аҿы имҩаԥган ԥсылманҵасла ҳазшаз иашьапкра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә.