АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Рашәара.2023

Аҳәынҭқарратә Дума аҿы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ҩбаны иҟоу атәылауаҩра азы ирыбжьарҵыз аиқәшаҳаҭра аратификациа мҩаԥысит.

Аҟәа. Рашәарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥшьаша имҩаԥысыз Аҳәынҭқарратә Дума аилатәараҿы ҩбаны иҟоу атәылауаҩра иадҳәалоу азҵаара аӡбара азы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ирыбжьарҵахьаз аиқәшаҳаҭра аратификациа мҩаԥгахеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Интерфакс.

Зыӡбахә ҳәоу цәыббрамза 27, 2022 шықәсазы Москва ақалақь аҿы знапаҵыҩра мҩаԥгаз аиқәшаҳаҭра ауп.

Иарбоу аусшәҟәы, ганк атәылауаа ирымоу атәылауаҩра мап ацәкрада  егьи аган атәылауаҩра адкылара азԥхьагәанаҭоит. Атәылауаҩра адкылареи ацәыӡреи рзы аиқәшаҳаҭра иарбам ахәҭа аганахьала, аӡбамҭа адкылара мҩаԥысуеит атәылақәа доусы рзакәанԥҵара инақәыршәаны.

Иара убас, аиқәшаҳаҭра иазԥхьагәанаҭоит аҩбатәи атәылауаҩра зауз рхәыҷқәа аҩбатәи атәылауаҩра рыҭара аԥҟарақәа. Ахәҭакахьала,  14 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа ртәылауаҩра  рҭаацәа ртәылауаҩра иақәшәозароуп, убри аан урҭ атәылауаҩра змам ахаҿны иҟамлозар. Ахәыҷы итәылауаҩра иҭаацәа ртәылауаҩра аҽаԥсахраан, иара убас урҭ аби ани рзин рцәыӡраан еиҭакрада иаанхоит. Аҩ-ҳәынҭқаррак ртәылауаҩра змоу ахәыҷы 18-шықәса анихыҵлак ашьҭахь, уи иҭаацәа  еилацәажәаны шәҟәыла еиқәдыршәаз арзаҳал ала ахәыҷы тәылак атәылауаҩра иалҵрала тәылауаҩрак изалырхыр алшоит, - ҳәа иаҳәоит аиқәшаҳаҭра аҿы.

Аҩҳәынҭқаррак ртәылауаҩра змоу ауаа иааиԥмырҟьаӡакәа иахьынхо  атәыла азакәанԥҵара инақәыршәаны, асоциалтә еиқәыршәара, аҵарадырра, амедицинатә цхыраара аиуразы азинқәа рымоуп.

Аиқәшаҳаҭра иара убас аганқәа доусы рзыҳәамҭақәа рыла, аамҭакала Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ртәылауаҩра змоу атәылауаа ахԥатәи аҳәынҭқарра атәылауаҩра раиура, мамзаргьы аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқарра аҿы иааиԥмырҟьаӡакәа анхаразы азин зырҵабыргуа аусшәҟәы  шроуз азы аинформациа аҭара азԥхьагәанаҭоит. 

 

 


Read 334 times - Ахәаша, 30 Рашәара 2023 21:23
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.