АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Рашәара.2023

Аграртә политика азы Апарламенттә Еилакы амилаҭтә парк «Кәыдрытәи аҩхаа» аҵакыра аиҭакра иақәшаҳаҭӡам.

Аҟәа. Рашәарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аграртә политикеи аԥсабаратә ресурсқәеи аекологиеи рзы Апарламенттә Еилакы инарҭбаау аусуратә еилатәара   мҩаԥысит ашәахьа, рашәарамза 19 рзы. Уи мҩаԥигон Аилак ахантәаҩы Ҭемыр Беииа.

Аилатәара аҿы жәабранмза 8, 2023 шықәсазы аминистрцәа Реилазаара аҿы ирыдаркылаз «Хәажәкырамза 27, 2019 шықәсазы аминистрцәа Реилазаара аҿы «Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә парк «Кәыдрытәи аҩхаа» аԥҵара азы» Ақәҵара аиҭакрақәа ралагалара азы» Ақәҵара иалацәажәеит.  

Ақәҵара амилаҭтә парк «Кәыдрытәи аҩхаа» аҳәаақәа рыԥсахра азԥхьагәанаҭоит, даҽакала иуҳәозар – ари апарк аҵакыраҿы акыраамҭа нахыс инхо ауааԥсыреи зыхә дуу амҿымаҭәахә злыҵуа  аҵлақәа рыҟазаара инамаданы, апарк аҵакыра  16 нызықь гектар рыла аиҵатәра.

Аилак ахантәаҩы Ҭемыр Беииа апарк иахьаҵанакуа абнаԥҟаратә аусура  алыршамзароуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Уи иара убас уаҩы дызкьымсыц абнарақәа еиҵагыло абиԥарақәа рзы аиқәырхара, аекологиеи иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабареи рыхьчара азы атәылаҿы абнаԥҟаратә ааглыхра  мап ацәктәуп ҳәа игәаанагара иҳәеит.

Ҭемыр Беииа Аԥсны абнаратә ҵакырақәа ҷыдала ахьчара иаҵанакуа аҵакырақәа рыстатус аҭара иазку анорма-зинтә шәҟәынҵақәа рыдкылара дадгылоит.

Аилацәажәарақәа рышьҭахь аилак алахәылацәа аминистрцәа Реилазаара Ақәҵара ааигәа имҩаԥысраны иҟоу Апарламент асессиа аилатәара ахь ацәыргаразы аӡбамҭа рыдыркылеит. Апрофилтә еилакы ари аусшәҟәы ақәшаҳаҭхара иадгылаӡом.

Апаралменттә еилакы алахәылацәа рнаҩс  аилатәара иара убас рхы аладырхәит  аекологиа азы Аԥсны аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа, Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа академик Сергеи Бебиа, Аҳәынҭқарратә абнатә нхамҩа Аусбарҭа анапхгаҩы Анӡор Ашәхаҵаа, Аԥснытәи абнатә анаука-ҭҵааратә ԥышәатә станциа адиректор Витали Леиба.   


Read 254 times - Аҩаша, 20 Рашәара 2023 20:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.