АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Рашәара.2023

Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Ҟабарда-Балкариа жәлар рартист Черим Нахушев дидикылеит.

Аҟәа. Рашәарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба  Ҟабарда-Балкариа жәлар рартист Черим  Нахушев  диԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Бадра Гәынба артист агәыҳалалратә концерт амҩаԥгаразы Аԥсныҟа дахьааз азы иҭабуп ҳәа еиҳәеит.  

«Ҳара аиашьаратә Нхыҵ Кавказтәи ареспубликақәа рҟынтәи акультуратә программақәеи аусмҩаԥгатәқәеи рымҩаԥгаразы иаауа асасцәа рԥылара даара ҳаигәырӷьоит. Ҳара ҳазҭоу ашықәс иубилеитәуп – Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра  аҿы Аиааира агара 30-шықәса ахыҵра азгәаҳҭоит. Ҳара иаҳгәалашәоит, иаҳхашҭрангьы ҳаҟаӡам Ҟабарда-Балкариантәи ҳашьцәа зхыԥхьаӡараҿы иҟаз Нхыҵ Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иҳацеибашьуаз. Урҭ ҳажәлар ирырҭоз адгылареи агәазҭазаареи ахә ашьара уадаҩуп.  Ҳара Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз ҳашьцәа ргәалашәара ҳаҭыр ду ҳзақәуп, иҳалшо ала иҭахаз рҭаацәеи аветеранцәеи адгылара раҳҭоит», - ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.

Черим Нахушев, ахәҭакахьала, атәыла анапхгара аконцерт амҩаԥгараҿы ирҭаз адгылара азы иҭабуп иҳәеит.

«Аԥсны цәыббрамзазы Аиааира агара амш 30-шықәса ахыҵра азгәарҭоит, саргьы асценаҿы сықәгәылоижьҭеи абар шьҭа  30 – шықәса ҵуеит, абас ала еиқәшәеит арыцхәқәа», - ҳәа иҳәеит ашәаҳәаҩы.

Черим Нахушев иконцерт иахьа, рашәарамза 20 рзы Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥысуеит. Уи иалахәхоит еицырдыруа акәашаратә ансамбль «Кабардинка».

Бадра Гәынба иара убас  Аҳәынҭқара Ахада Аслан Бжьаниа иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатә амҩаԥгараҿы излауа ала адгылареи ацхыраареи рыҟаҵара азы анапынҵа шыҟаиҵаз азы асас адырра ииҭеит.  

«Ҳара иаадыруеит Ҟабарда-Балкариа Анапхгара ари ахҭыс ишазҿлымҳау. Агәра шәсыргоит, ҳаргьы ари аконцерт аиҿкаара алахәхара ҳшазхиоу».

Аиԥылара ахыркәшамҭаз Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Черим Нахушев Фазиль Искандер исахьа зну агәаларшәагатә ԥсар ҳамҭас ииҭеит.  

Аиԥылара иара убас ихы алаирхәит атәыла акультура аминистр Даур Ақаҩба.

 

 


Read 284 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.