Аҟәа. Рашәарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа акультура аусзуҩцәа аҳаҭыртә хьӡқәа ранашьаразы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аҳыҭартә хьӡқәа ранашьоуп:
Ешба Кристина Руста-иԥҳа – Р. Д. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асолистка, Аԥсны амузыкатә ҟазара аҿиараҿы ллагалеи иҳараку анагӡаратә ҟазареи рзы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥазтәыз артист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ланашьоуп.
Џьумутиа Михаил Резо-иԥа – Гал араион акультура Аҩны асахьаркыратә наԥхгаҩы, ахәыҷтәы фольклортә ансамбль «Самырзаҟан», иара убас ашәаҳәареи акәашареи рансамбль «Гал» асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны амилаҭтә ҟазара аҿы илшамҭақәеи еиҵагыло аҿар рырҿиаратә потенциал аҿиара аҿы илагалеи рзы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьоуп.
Тәанба Марина Сулҭан-иԥҳа – Ешыратәи Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи адиректор, амузеитә ус аҿиара аҿы ллагала дууи шықәсырацәала ламысцқьала аусуреи рзы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ланашьоуп.
Нарманиа Реваз Бичико-иԥа – Р. Д. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа абжьырежиссиор шықәсырацәа инеиԥынкыланы ламысцқьала аусуреи амузыкатә ҟазара аҿиареи апопулиаризациеи рзы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥазтәыз акультура аусзуҩ ҳәа» аҳаҭыртә хьӡы ианашьоуп.