Аҟәа. Рашәарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ф.А.Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр Ареспублика Татарсҭан, Сибратәи афедералтә оруг ахь агастрольқәа рынагӡаразы амҩа иқәлеит. Агастрольқәа хыркәшахоит рашәарамза 29 рзы.
Урыстәылатәи Афедерациа акультура Аминистрра адҵа ала Афедералтә ҳәынҭқарратә биуџьеттә акультура аусбарҭа «Урыстәыла аконцерт» имҩаԥнаго аҳәаанырцәтәи ахырхарҭала апрограмма «Агастроль дуқәа» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аурыс драматә театр аҳәаанырцәтәи ахәаԥшцәа иднарбараны иҟоуп аспектакльқәа: А. Н. Островски иҩымҭа ала иқәыргылоу аспектакль «Ахаҵа ԥшӡа», Ф. Г. Лорки «Ишьаарҵәыроу ачара», ақалақьқәа Новокузнецк (рашәарамза 21, 22 рзы Новокузнецктәи адраматә театр асцена аҿы) , ақалақь Горно-Алтаиск ( рашәарамза 24, 25 рзы П.В. Кучииак ихьӡ зху Амилаҭтә драматә театр асцена аҿы), ҳәа адырра ҟаҵоуп Аурыс драматә театр аофициалтә саит аҿы.
Рашәарамза 28 рзы V аҳәаанырцәтәи аурыс театрқәа Жәларбжьаратәи афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ареспублика Татарсҭан ақалақь Набережные Челны аҿы Аурыс драматә театр «Мастеровые» асцена аҿы имҩаԥгахоит аспектакль «Ахаҵа ԥшӡа» арбара.
Ҳазҭоу ашықәс апрограмма иалагалоуп – Аԥсны, Ермантәыла, Белорус, Казахсҭан, Урыстәыла, Узбекьысҭан, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи атеатралтә коллективқәа быжьба рыспетакльқәа.