Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Аӡыканал» ауааԥсыра рҿаԥхьа аамҭалатәи абзазаратә уадаҩрақәа рзы аҭамзаара шьҭанаҵоит.
19.Рашәара.2023
Рашәарамза 20 рзы Аҟәа араионқәак рыҟны ӡыла аиқәыршәара еиԥҟьоит.
Аҟәа. Рашәарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ваинахаа рымҩеи Акьыртаа, Семерџьиева, Киараз амҩақәа рҿы иҵоу аӡымҩангагақәа реиҭашьақәыргыларатә усурақәа инарымаданы, аҩаша, рашәарамза 20 рзы, 00:00 сааҭ инаркны 20:00 сааҭ рҟынӡа ақалақь араионқәак рҿы (Аҳабла Ҿыц, Аихамҩатә ҳабла, Ешба имҩа, авокзал, аџьармыкьа, «ВИЭМ», ақалақь агәи аҩадаратәи ахәҭеи, иара убас Турбаза аҳабла, Синоп, Аԥсилаа рымҩа, Аишьцәа Занҭариаа рымҩа, Ҷанба имҩаду), иара убас Ӡыгәҭеи Баслаҭеи ақыҭақәа рҿы ӡыла аиқәыршәара еиԥҟьоит.