АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Рашәара.2023

Рашәарамза 21 азы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп Жәларбжьаратәи амемориалтә акциа «Агәалашәара ацәашьы».

Аҟәа. Рашәарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ахаша, рашәарамза 21, асааҭ 21:00 рзы, 1941 – 1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа алагара арыцхә аламҭалазы адунеи зегьы аҿы иазгәарҭо алахьеиқәҵареи агәалашәареи Рымш инамаданы, Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп Жәларбжьаратәи амемориалтә акциа «Агәалашәара ацәашьы».  

«Агәалашәара ацәашьы» – ари агәырҩа адагьы аибашьраҿы аџьамыӷәа цәгьа зыхганы аиааира агара зылшаз ажәлар рзы агәадурагьы аазырԥшуа амемориалтә усмҩаԥгатәуп. Арҭ аҭоурыхтә хҭыс хьанҭақәа ргәалашәара иазкны Аиааира згаз афырхацәа рышьҭрамадаҩцәа амемориалтә Акциа рхы аладырхәырц рылшоит, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы иҭахаз ргәалашәара иазкны ацәашьқәа адыркуеит.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы афашизм иаҿагыланы хацәынымырха иқәԥоз, иҭахаз Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ҳаҭырла ргәалашәара иазку акциа алахәхаразы ааԥхьара ҟанаҵоит. Акциа мҩаԥгахоит Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәаҿы Идырым Асолдаҭ иҳаҭгәын аҿаԥхьа.

Жәларбжьаратәи амемориалтә акциа Аԥсны амҩаԥгара аиҿкаара ахахьы иагеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра. Убри аан адгылара ҟанаҵоит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭеи Аҟәа ақалақь Ахадареи. 


Read 276 times - Аҩаша, 20 Рашәара 2023 18:21
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.