АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Рашәара.2023

Рашәарамза 20-21 рзы Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы имҩаԥысуеит аштабтә зыҟаҵарақәа.

Аҟәа. Рашәарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Рашәарамза   20 – 21,  2023 шықәсазы Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы Арбџьармчқәа рыҟны анапхгараҭара амҩаԥгаразы аштабтә аицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит.

Ашәахьа, рашәарамза 19, 15:00 рзы атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник Владимир Ануа Арбџьармчқәа рыҟны анапхгараҭара амҩаԥгаразы аштабтә аицҽазыҟаҵара аҩбатәи аетап ахацыркра азы алаҳәара ҟаиҵеит.   Атәылахьчара Ахылаԥшырҭа Хада аиҳабы аштабқәеи архәҭақәеи  рҽаԥхьа аԥхынтәи аҽазыҟаҵара аамҭахәҭа азы зынагӡара хымԥадтәиу адҵақәа ықәиргылеит.

Аштаб Хада зыԥшра ҟамҵакәа иуадаҩу аоперативтә ҭагылазаашьақәа рҿы идырым араионқәа иахьаҵанакуа Арбџьармчқәа рнапхгараҭара асистема ашьақәыргылар иалагеит. Архәҭақәа аполигонқәа зегьы рҿы, иара убас идырым  аҭыԥқәа рҿы арратә хыдҵақәа рынагӡаразы иреиҳаӡоу арратә зыҟаҵара рыҭоуп. 

Атәылахьчара апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, "аштабтә аицҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара ахықәкы хаданы иҟоуп иаалырҟьаны ицәырҵыр зылшо арратә хыдҵақәа  аҭагылазаашьақәа зегьы рҿы аӡбара алзыршо атәылахьчара Аминистрреи Аштаб Хадеи русбарҭақәеи рыҟәшақәеи рмаҵзурақәеи ҳәоуеиқәшәала анапхгараҭаратә усуреи аибашьратә усмҩаԥгатәқәа рынагӡараан зыҩаӡара ҳараку арратә зыҟаҵара аарԥшра алыршареи. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра  аҭахоит архәҭақәа рнапхгараҭара, иара убас архәҭақәа рырратә усура аинформациатә еиқәыршәара».

Аштабтә аицҽазыҟаҵарақәа аҩбатәи аетап  рхы аладырхәуеит аоперативтә гәыԥқәа, иара убас аусеицура зыбжьоу амчратә структурақәа рырхәҭақәа.

Аштабтә аицҽазыҟаҵара архәҭақәа рнапхгараҭара аубарҭақәа рмаҵурауаа разыҟаҵара изаамҭанытәиу аетапны иҟоуп, уи дара рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра иазырхоуп.


Read 245 times - Аҩаша, 20 Рашәара 2023 14:57
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.