АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Рашәара.2023

Аслан Бжьаниа амедицинатә усзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Рашәарамза 18, 2023 шықәса. Аԥныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа амедицинатә усзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдинаҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

"Акыр иаҧсоу аҩызцәа!

Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа - Амедецинатә усзуҩы имш! Шәара шәнапы алакуп агәыҳалалра зҵоу, ахамеигӡара, азыҟаҵара ҳаракы зҭаху азанааҭ. Шәара - ҳара ҳфырхацәа, ҳаиқәырхаҩцәа, шәара ауаа ргәабзиара ахӡыӡаара, рыҧсҭазаара аиҷаҳара иацхраауа усзуҩцәоуп.

Шәара лассы-лассы шәхы-шәыҧсы зегьы ахҭынҵара шәазхиоуп уҳәартә еиԥш хамеигӡарада имҩаԥыжәго аус, Аҧсны атәылауаа рганахьала аҳаҭыр ду, аџьшьара ду иаҧсоуп.

Ҳара ҳаззыгәдуу ҳамоуп, ҳахәшәтәырҭақәа рҟны аус руеит зус иазҟазоу, здырра ҳараку, аҧышәа ду змоу  ауаа.

Иара убри аангьы, хықәкыла аус здаҳулашагьы ыҟоуп. Амедицинатә ҭҵаарадырреи атехнологиақәеи рыҿиара еснагь аҵареи аҧышәа аизырҳареи, арҿыцреи рҭахуп, шәдыррақәеи шәԥышәеи есқьынгьы актуалра, алҵшәа бзиа рымазарц. Атәыла анапхгара шәара шәыцхыраарала агәабзиарахьчара аусхк аҟны алҵшәақәа реиӷьтәразы иалшо зегьы ҟанаҵоит.

Ҳҿаҧхьа иқәгылоуп ахәышәтәреи ачымазараҭҵаареи рзы аметод ҿыцқәа аус рыдулара, амедицинатә усбарҭақәа ҳаамҭазтәи амыругақәа рыла реиқәыршәара, ареспубликаҟны амедицинатә усхк аԥхьаҟагьы арҿиара зылшаша аспециалистцәа ҿарацәа разыҟаҵара иазку ауснагӡатәқәа. Ҳәарада,абри инаваргыланы, ҳәоуеиқәшәарала аусеицура ҳтәылауаа зегьы зхаҭабзиара ҳараку амедицинатә цхыраара рыҭара аус иацхраауеит.

Абри аныҳәамш азы гәык-ҧсык ала ишәзеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара, анасыԥ, аихьӡарақәа. Имариам шәусура абзабаа ацзаааит, ишәхәышәтәуа шәчымазцәа рлакҭа хаа шәыгымзааит.

Даҽазныкгьы ишәыдысныҳәалоит иахьатәи шәныҳәа, акыр иаҳзаԥсоу амедицинатә усзуҩцәа!»


Read 333 times - Амҽыша, 18 Рашәара 2023 20:31
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.