АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Рашәара.2023

Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьал Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусеилыргаанӡатәи аамҭалатәи Аԥхьакырҭа аҿы иҟоу зықәра наӡам диҭааит.

Аҟәа. Рашәарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 16 рзы Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьали Аппарат азиндырҩы Лиана Векуеи Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусеилыргаанӡатәи аамҭалатәи Аԥхьакырҭа аҿы иҟоу зықәра наӡам иҭааит. «Аҭаара хықәкыс иаман – зықәра наӡам азинеилагаҩы имоу аҭагылазаашьа агәаҭареи, уи иаанкылареи иҿахәҿыхреи раан апроцессуалтә зинеилагарақәа рыҟазаара аилкаареи», –  ҳәа адырра ҟанаҵоит Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Аппарат аофициалтә саит. Зықәра наӡам азинеилагаҩи Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоуи реиҿцәажәара арҵаҩы-психолог далархәны имҩаԥысуан. Зықәра наӡам иҟынтәи Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу лахь агәынамӡарақәеи азашшрақәеи ыҟамызт. Аха иҭаку иганахьала иаарԥшхеит аилагара ӷәӷәа. Зықәра наӡам аизинеилагаҩы дицҭакуп зықәра наӡоу ацәгьоураҿы игәҩароу ауаҩы. Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу аусеилыргаанӡатәи аамҭалатәи Аԥхьакырҭа аиҳабы даниҿцәажә ашьҭахь, уи ари аилагара арҽеира шалыршахо азы дақәиргәыӷит.

© АПСНЫПРЕСС.


Read 335 times - Амҽыша, 18 Рашәара 2023 20:32
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.